Лера Адлеиба "Ты супер! 10 лет спустя" афинал аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит
00:31 02.11.2026 (ирҿыцуп: 01:07 02.11.2026)

© Foto / НТВ
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 1 — Sputnik. Лера Адлеиба НТВ аҟны имҩаԥысуа аицлабра "Ты супер! 10 лет спустя" афинал аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит.
Лара иналыгӡеит ашәа "California Dreamin".
Ашоу ажиури — Игор Крутои, Диана Арбенина, Елка, Александр Панаиотов — Лера лвокалтә баҩхатәра адагьы, асценаҿы иаалрыԥшуа ахагәрагара азгәарҭеит.

"Ты супер!" аиубилеитә сезон аҿы аиааира лгеит Тыватәи ашәаҳәаҩ Аи-Кыс Кыргыс.
Афиналистцәа асценахь инеиаанӡа, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Владимир Путин ихьзала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит. Уаҟа аҳәынҭқарра ахада аҿар арҿиараҿы мацара акәымкәа, аԥсҭазаараҿгьы аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи рзеиӷьишьеит.