Аԥснытәи ашколхәыҷқәа "Ауниверситеттә сменақәа" хдыркәшеит
11:50 02.11.2026 (ирҿыцуп: 13:15 02.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 2— Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа "Ауниверситеттә сменақәа" хдыркәшеит.
Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысыз азанааҭхырхарҭатә проект иалахәын аҟәатәии гәдоуҭатәии ашколқәа рҵаҩцәа 47-ҩык.
Дара еиуеиԥшым азанааҭқәа еиҳа иааигәаны ирдырырц ахьрылшоз ауниверситетқәа рахь аекскурсиақәа рзымҩаԥган.
Аҟәатәи ашкол №3 аҵаҩы Арина Кациа лажәақәа рыла, алахәылацәа абҩарҵәыреи, азиндырреи, амедицинеи рфакультетқәа ирҭааит.
Апрограмма "Ауниверситеттә сменақәа" ашколхәыҷқәа алшара рнаҭоит ԥхьаҟатәи азанааҭ алхраз. 2023 шықәсазы уи рхы аладырхәит 14-17 шықәса зхыҵуа 400- ҩык ашколхәыҷқәа, сынтәа — 1600-ҩык инареиҳаны алахәылацәа. 2025 шықәса раахыс уи иалахәуп аԥснытәи абитуриентцәагьы, ареспублика Аҵара аминистрреи Урыстәылатәи Аҵара аминистрреи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны.
Апроект аиҿкааҩцәа — Жәлар рдипломатиа ацентр, Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырреи иреиҳаӡоу аҵареи рминистрра, Урыстәыла Аҵара аминистрра, аиҿкаара "Движения Первых".