Сергеи Кириенко аԥснытәи ашколхәыҷқәа дырԥылеит ацентр "Орленок" аҟны
21:43 02.11.2026 (ирҿыцуп: 10:39 03.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 2— Sputnik. Сергеи Кириенко аԥснытәи ашколхәыҷқәа дырԥылеит ацентр "Орленок" аҟны.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ ареспублика ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥысуаз Урыстәылазегьтәи аицлабра "Большая перемена" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит аминистрра.
Урыстәылазегьтәи аиҿкаара "Движение Первых" ааԥхьарала аконкурс ихадоу аетап иалахәуп аԥснынтәи 13-ҩык ашколхәыҷқәа.
Афинали аиндаҭларақәеи мҩаԥыслоит абҵара 6 рҟынӡа.
Кириенко ахәыҷқәа ирзеиӷьеишьеит аԥышәарақәа рыламҭалаз аманшәалара.