https://sputnik-abkhazia.info/20261103/1066738621.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплакра адгылареи 2026 шықәсазтәи рыпрограммақәа рынагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа арҭарц.2025 шықәсазтәи... 03.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-03T18:01+0300
2026-11-03T18:01+0300
2026-11-03T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/03/1066738455_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2c61175fd202e29692782476d9c9c45f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплакра адгылареи 2026 шықәсазтәи рыпрограммақәа рынагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа арҭарц.2025 шықәсазтәи апрограммақәа ргәаҭара аихшьаалақәа ирылацәажәеит азинхьчаратә усбарҭақәеи, Аеканомика аминистрреи, Ақыҭанхамҩа аминистрреи рнапхгаҩцәа злахәыз аилацәажәараҿы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аԥсны ахада иазгәеиҭеит апрограммақәа рынагӡара ахылаԥшра шамам, Аекономика аминистрреи Ақыҭанхамҩа аминистрреи русура ԥсыҽуп ҳәа ахиҳәааит.
Аԥсны аӡынра иҭалоит аенергетикатә лшара еиҳа иҳаракны иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, аҳәынҭқарра ахада иамҩаԥигаз аилацәажәараҿы.Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара уажәазы ҵыԥх аасҭа еиҳауп. Уи алыршахеит ирыдыркылаз ауснагӡатәқәеи аԥсабаратә факторқәеи ирыбзоураны.Аминистр иазгәеиҭеит ианаҭахха ареспублика шазыхиоу афымцамч амҽхак-цҵа аахәара, уи азы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵахьоу.
Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны амҩатә машәырқәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара хынтәны иазҳаит. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аҟны Асоциал економикатә ҭҵаарадыррақәа рцентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хатуна Шаҭиԥа.Иаалгаз адыррақәа рыла, 2021 шықәсазы ареспубликаҿы ашәҟәы иҭаргалеит 180 мҩатә машәыр, 2025 шықәсазы — 150. Убри аан амашәырқәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 14-ҩык рҟынтәи 48-ҩык рҟынӡа ихалеит."Ари трагедиоуп. Адемографиатә ҿиара ианыруа факторқәоуп", — азгәалҭеит лара.
Сибратәи афедералтә университет агастрономиа Аинститут аҿы арҵаратә программа аԥснынтәи иахысхьеит 70-ҩык инареиҳаны.Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит апроект аҳәаақәаҵаҩ Азамаҭ Багаҭелиа."Уажәтәи аамҭазы иаанхаз аҩыҟаҵаҩцәа рзы апрограмма анагӡароуп. Алахәылацәа разыҟаҵареи, аҳаирԥырреи, рынхареи рзы ахарџьқәа аиҿкааҩцәа рхахьы иргоит", — иҳәеит Багаҭелиа.Апрограмма атуризми иааидкыланы асасдкылара аусхки рылҵшәа аизырҳара иазырхоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥснытәи астудентцәа жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны — Урыстәыла — Аахыҵ Уаԥстәыла: акультурабжьаратә диалог" иалахәхоит ҳәа аанацҳауеит @SputnikOssetia.Абҵара 5 рҟынӡа Ҟабарда-Балкариа имҩаԥысраны иҟоу афорум аҿы Аԥсны ӡырыргоит 85-ҩык астудентцәеи хәҩык арҵаҩцәеи. Аахыҵ Уаԥстәыла – 46-ҩык.Алахәылацәа рзы еиҿкаахоит алекциақәа, аиҩызаратә тәылақәа рҭоурых адырразы аусмҩаԥгатәқәа.
Бадра Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплакра адгылареи 2026 шықәсазтәи рыпрограммақәа рынагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа арҭарц.2025 шықәсазтәи апрограммақәа ргәаҭара аихшьаалақәа ирылацәажәеит азинхьчаратә усбарҭақәеи, Аеканомика аминистрреи, Ақыҭанхамҩа аминистрреи рнапхгаҩцәа злахәыз аилацәажәараҿы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аԥсны ахада иазгәеиҭеит апрограммақәа рынагӡара ахылаԥшра шамам, Аекономика аминистрреи Ақыҭанхамҩа аминистрреи русура ԥсыҽуп ҳәа ахиҳәааит. Аԥсны аӡынра иҭалоит аенергетикатә лшара еиҳа иҳаракны иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, аҳәынҭқарра ахада иамҩаԥигаз аилацәажәараҿы.Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара уажәазы ҵыԥх аасҭа еиҳауп. Уи алыршахеит ирыдыркылаз ауснагӡатәқәеи аԥсабаратә факторқәеи ирыбзоураны.Аминистр иазгәеиҭеит ианаҭахха ареспублика шазыхиоу афымцамч амҽхак-цҵа аахәара, уи азы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵахьоу. Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны амҩатә машәырқәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара хынтәны иазҳаит. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аҟны Асоциал економикатә ҭҵаарадыррақәа рцентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хатуна Шаҭиԥа.Иаалгаз адыррақәа рыла, 2021 шықәсазы ареспубликаҿы ашәҟәы иҭаргалеит 180 мҩатә машәыр, 2025 шықәсазы — 150. Убри аан амашәырқәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 14-ҩык рҟынтәи 48-ҩык рҟынӡа ихалеит."Ари трагедиоуп. Адемографиатә ҿиара ианыруа факторқәоуп", — азгәалҭеит лара. Сибратәи афедералтә университет агастрономиа Аинститут аҿы арҵаратә программа аԥснынтәи иахысхьеит 70-ҩык инареиҳаны.Абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит апроект аҳәаақәаҵаҩ Азамаҭ Багаҭелиа."Уажәтәи аамҭазы иаанхаз аҩыҟаҵаҩцәа рзы апрограмма анагӡароуп. Алахәылацәа разыҟаҵареи, аҳаирԥырреи, рынхареи рзы ахарџьқәа аиҿкааҩцәа рхахьы иргоит", — иҳәеит Багаҭелиа.Апрограмма атуризми иааидкыланы асасдкылара аусхки рылҵшәа аизырҳара иазырхоуп ҳәа азгәеиҭеит иара. Аԥснытәи астудентцәа жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны — Урыстәыла — Аахыҵ Уаԥстәыла: акультурабжьаратә диалог" иалахәхоит ҳәа аанацҳауеит @SputnikOssetia.Абҵара 5 рҟынӡа Ҟабарда-Балкариа имҩаԥысраны иҟоу афорум аҿы Аԥсны ӡырыргоит 85-ҩык астудентцәеи хәҩык арҵаҩцәеи. Аахыҵ Уаԥстәыла – 46-ҩык.Алахәылацәа рзы еиҿкаахоит алекциақәа, аиҩызаратә тәылақәа рҭоурых адырразы аусмҩаԥгатәқәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/03/1066738455_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ae139cfdea9f1f9caf25f61e30fc2693.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио