"Агәыҳалалра аурокқәа" мҩаԥгахоит Аԥсны ашколқәа рҿы Адунеизегьтәи Ақьиара амш аҽны
11:32 08.11.2026 (ирҿыцуп: 14:25 08.11.2026)

© Sputnik Амра Амичба
Анапаҵаҩра
Акциа "Агәыҳалалра аурокқәа" афонд "Ашана" Аԥсны имҩаԥнагоит 2014 шықәса раахыс.
АҞӘА, абҵара 8 — Sputnik. "Агәыҳалалра аурокқәа" мҩаԥгахоит Аԥсны ашколқәа рҿы Адунеизегьтәи Ақьиара амш аҽны, абҵара 13 рзы.
Аусмҩаԥгатә еиҿкаауеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана", Аԥсны аҵара аминистрра ацхыраарала.
Афонд аҿиаразы аменеџьер Сабина Зыхәԥҳа лажәақәа рыла, есышықәса акциа иалахәуп Аԥсны ашколқәа шамахамзар зегьы. Ари амш аҽны имҩаԥысуеит аицлабрақәа, афестивальқәа, аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа. Урҭ ирыҭныҵуа аԥарақәа, ашколқәа рнапхгареи аҭаацәеи рыӡбарала "Ашана" хылаԥшра знаҭо ачымазцәа хьанҭақәа рыхәышәтәра иазкхоит.

"Акциа хықәкы хадас иамоуп еиҵагыло абиԥара гәаԥхашәала рааӡара, даҽакала иуҳәозар, ақьиареи, агәшаҭареи, агәбылреи реиԥш иҟоу аилкаарақәа рылархәра. Уи даара акраҵанакуеит, ҳара ҳаигәырӷьоит есышықәса ари акциа еиҳагьы иахьрылаҵәо", — лҳәеит Зыхәԥҳа.
Агәмырҿыӷьратә усмҩаԥгатәқәа рыдагьы, Ақьиара амш аҽны афонд арҵаҩцәа, мамзаргьы аволонтиорцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, артистцәа, амузыкантцәа, ахәыҷқәа ацәгьеи абзиеи ирызку алекциақәа ирзаԥхьоит.