Амилаҭтә спорт хкқәа рзы Аԥсны ачемпионат хацыркхеит Аҟәа, ареспубликатә стадион аҿы
14:58 08.11.2026 (ирҿыцуп: 15:22 08.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 8 — Sputnik. Амилаҭтә спорт хкқәа рзы Аԥсны ачемпионат хацыркхеит Аҟәа, ареспубликатә стадион аҿы.
Аԥснытәи амилаҭтә спорт хкқәа рфедерациа ахада Адгәыр Гәынба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ари асезон азы аицлабрақәа ирылахәуп хә-командак: Ҷлоуи Кәтоли ақыҭақәа рҟынтәи, Аҟәатәи актәи ашкол, Аҟәатәи ахәбатәи ашкол, иара убас Афонҿыцтәи акоманда "Аԥсар".

18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәратә категориаҿы еицлабуеит Ҷлоутәии Аҟәатәи ашколқәа ркомандақәа.
"Ачемпионат хә-турк рыла ишьақәгылоуп. Ес-ԥсшьарамш ареспубликатә стадион аҿы, абҵара 29 рҟынӡа ахәмаррақәа мҩаԥыслоит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Аспортсменцәа еицлаблоит "аимҵакьачара", "акьан ахалара", "ахаҳәрԥара", "алабашьаршәра" реиԥш иҟоу адисциплинақәа рыла.
Ачемпионати, аԥхьахәгареи, хаз игоу ахәмаррақәеи рзеиԥш аԥхьахәтә фонд 500 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Еиҿкааҩцәас — Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы, Амилаҭтә спорт хкқәа рфедерациа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала.