https://sputnik-abkhazia.info/20261109/1066851681.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Аиԥылара... 09.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-09T13:01+0300
2026-11-09T13:01+0300
2026-11-09T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/09/1066851515_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c3ece74c46ec048fa3ac0e289eb98339.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Аиԥылара мҩаԥысит Москва. Дара ирылацәажәеит аенергохырхарҭаҿы аинырра, агәабзиарахьчара аганахьала апроектқәа, аԥсуа наплакцәа азинҷыдатә кредит рыҭара, акурорттә усхк аҿиара, ақыҭанхамҩа адгылара ауснагӡатәқәа. Кириенкои Гәынбеи иара убасгьы иахәаԥшит Аԥсны ашколхәыҷқәа рзы урыстәылатәи аицлабра "Аиҭакра ду" амҩаԥгара алашрақәа.
Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аспециалистцәа Аҳабла ҿыц ахәҭак лашарала аиқәыршәаразы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Иацы аҳауатә ҭагылазаашьеи амацәыс асреи ирыхҟьаны афымцацәаҳәақәа ааха рыҭан. Алашарада иаанхеит амҩадуқәа Кьараз, Аргәын, Чалмаз руааԥсыра. Уахынла авариатә бригадақәа афымцалашара аиҭашьақәыргылара зылшаз абонентцәа рыхәҭак роуп. Аремонттә усурақәа еиҭахацыркхеит ашьыжь шаанӡа. Инагӡаны аиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп хара имгакәа.
"Аԥсны аҭоурых" ахырхарҭала арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара акурсқәа аатит Аҟәатәи аҳәынҭколлеџь аҟны. Апроект цәыббрамзазы иалагеит, актәи агәыԥ азыӡырҩцәас иҟалеит 36-ҩык арҵаҩцәа, аҩбатәи еизнагеит ареспублика зегьы аҟынтәи 53-ҩык арҵаҩцәа. "Аԥсны аҭоурых ашколқәа рҿы еиҳа инарҵауланы иҭырҵаалароуп, убри азы аҵара аминистрра иаӡбеит арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа рзы аԥышәа аизырҳара акурсқәа мҩаԥыргарц", — ҳәа азгәалҭеит ААУ аҟны иҟоу Аԥышәа аизырҳаразы ареспубликатә центр адиректор Медеиа Ченгьелиаԥҳа. Лара иара убасгьы илҳәеит, акурсқәа шымҩаԥысло Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи, насгьы уажәы ажрақәа ахьымҩаԥысуа Аҟәатәи абаа аҟны.
"Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус" аделегациа Аиқәырхаратә еиҿкаарақәа разыҟаҵаразы Урыстәылазегьтәи ацентр аизарахь ицеит. Аспециалистцәа Урыстәыла аԥшаара-еиқәырхаратә ҟәша адәаҿы арҵаратә программеи апрактикатә зыҟаҵарақәеи ирхысуеит. Акурс ҩымчыбжь имҩаԥыслоит. Акурс ҩымчыбжь имҩаԥыслоит. Уи иаҵанакуеит есыҽнытәи аҽазыҟаҵарақәа, ахазыҟаҵара, ахәылԥазтәи аргылара.
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Аиԥылара мҩаԥысит Москва. Дара ирылацәажәеит аенергохырхарҭаҿы аинырра, агәабзиарахьчара аганахьала апроектқәа, аԥсуа наплакцәа азинҷыдатә кредит рыҭара, акурорттә усхк аҿиара, ақыҭанхамҩа адгылара ауснагӡатәқәа. Кириенкои Гәынбеи иара убасгьы иахәаԥшит Аԥсны ашколхәыҷқәа рзы урыстәылатәи аицлабра "Аиҭакра ду" амҩаԥгара алашрақәа. Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аспециалистцәа Аҳабла ҿыц ахәҭак лашарала аиқәыршәаразы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Иацы аҳауатә ҭагылазаашьеи амацәыс асреи ирыхҟьаны афымцацәаҳәақәа ааха рыҭан. Алашарада иаанхеит амҩадуқәа Кьараз, Аргәын, Чалмаз руааԥсыра. Уахынла авариатә бригадақәа афымцалашара аиҭашьақәыргылара зылшаз абонентцәа рыхәҭак роуп. Аремонттә усурақәа еиҭахацыркхеит ашьыжь шаанӡа. Инагӡаны аиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп хара имгакәа. "Аԥсны аҭоурых" ахырхарҭала арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара акурсқәа аатит Аҟәатәи аҳәынҭколлеџь аҟны. Апроект цәыббрамзазы иалагеит, актәи агәыԥ азыӡырҩцәас иҟалеит 36-ҩык арҵаҩцәа, аҩбатәи еизнагеит ареспублика зегьы аҟынтәи 53-ҩык арҵаҩцәа. "Аԥсны аҭоурых ашколқәа рҿы еиҳа инарҵауланы иҭырҵаалароуп, убри азы аҵара аминистрра иаӡбеит арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа рзы аԥышәа аизырҳара акурсқәа мҩаԥыргарц", — ҳәа азгәалҭеит ААУ аҟны иҟоу Аԥышәа аизырҳаразы ареспубликатә центр адиректор Медеиа Ченгьелиаԥҳа. Лара иара убасгьы илҳәеит, акурсқәа шымҩаԥысло Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи, насгьы уажәы ажрақәа ахьымҩаԥысуа Аҟәатәи абаа аҟны. "Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус" аделегациа Аиқәырхаратә еиҿкаарақәа разыҟаҵаразы Урыстәылазегьтәи ацентр аизарахь ицеит. Аспециалистцәа Урыстәыла аԥшаара-еиқәырхаратә ҟәша адәаҿы арҵаратә программеи апрактикатә зыҟаҵарақәеи ирхысуеит. Акурс ҩымчыбжь имҩаԥыслоит. Акурс ҩымчыбжь имҩаԥыслоит. Уи иаҵанакуеит есыҽнытәи аҽазыҟаҵарақәа, ахазыҟаҵара, ахәылԥазтәи аргылара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/09/1066851515_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_95215cf3e73fd54145bcd23987eb5e31.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио