Чувашиа асоциалтә усхк ацифраркраҿы аԥышәа ҭнаҵаауеит Аԥсны
18:46 11.11.2026 (ирҿыцуп: 20:29 11.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik. Чувашиа асоциалтә усхк ацифраркраҿы аԥышәа ҭнаҵаауеит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра.
Аминистр Кама Аӡынԥҳа зхадараҿы дыҟоу аделегациа Чувашиатәи атәанчахәытә асоциалтә ԥгаԥса Афонд аҟәша аусура ҭырҵааит, абри аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит атәанчахәқәа рышьақәыргылареи ршәареи рыпроцесс аиҿкаара, ашәарақәа риашареи ианаамҭоу ршәареи, аԥгаԥса змоу ахаҿқәа ртәанчахәытә зинқәа хазхаҭалатәи ашәҟәы рҭагалара амеханизми.
"Чувашиа инхо ҳколлегацәеи ҳареи ҳԥышәа аимдара иалнаршоит Аԥсны асоциалтә хьчара асистема аиӷьтәра. Аҭаара азанааҭтә еимадарақәа рырӷәӷәареи асоциалтә еиқәыршәара аусхк аҟны иреиӷьу апрактикақәа реимдареи рҿы акрызҵазкуа шьаҿаны иҟалеит", — азгәалҭеит Аӡынԥҳа.