"Иреиӷьу аҳәаанырцәтәи афильм урыс бызшәала" алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит
12:21 12.11.2026 (ирҿыцуп: 12:31 12.11.2026)

© Sputnik / РИА Новости
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаагьы аицлабра рхы аладырхәыр, русумҭақәа цәырыргар рылшоит.
АҞӘА, абҵара 12 — Sputnik. Агранттә программа "Иреиӷьу аҳәаанырцәтәи афильм урыс бызшәала" азы азыҳәақәа рыдкылара аанартит ИИА "Евразиа".
Аиааира зго ифильм аԥҵаразы 300 млн мааҭ иоуеит.
Аԥаразоужьра роур рылшоит урысшәала иҭыжьу асахьаркыратә, адокументалтә, аҭҵаарадырра-популиартә фильмқәа.
Атемақәа рыспектр ҭбаауп: амилаҭтә ҭынхеи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахҭысқәеи, атәыла аҿиара злагала ҟазҵаз ауааи инадыркны ауаажәларра ртрадициатә беиарақәеи рыпроблемақәеи рҟынӡа.
Апрограмма иалахәхар рылшоит 18 шықәса зхыҵуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа, аҳәаанырцәтәи акоммерциатә еилахәырақәа, аҳәаанырцәтәи икоммерциатәым иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа.
Аинформациа еиҳа инҭкааны аилкаареи азыҳәа анашьҭреи алшоит асаит "Евразиа-Кинофест" аҿы.