https://sputnik-abkhazia.info/20261112/1066920221.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аарыхратә хархәагақәа раахәара асубсидиазы азыҳәақәа рыдкылара аихшьаалақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы. Имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгыларазы... 12.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-12T18:01+0300
2026-11-12T18:01+0300
2026-11-12T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0c/1066920055_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f817fca1e7ea95056eb855ec58db8e73.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аарыхратә хархәагақәа раахәара асубсидиазы азыҳәақәа рыдкылара аихшьаалақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы. Имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгыларазы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Иара иажәақәа рыла, зынӡа 286 зыҳәеи апроектқәеи аашьҭын. Аекономика аминистрра урҭ анализ рызнауит, алҵшәақәа рылаҳәара иазыхиоуп.
Авидеоендоскопи УЗИ аппарати Ареспубликатә хәышәтәырҭа иаиуит.Агәабзиарахьчара аминистрра амаругақәа хәыда-ԥсада ирырҭеит зыхьӡ цәыргам ҩ-еиҿкаарак. Ахәышәтәырҭахь урҭ нарышьҭит аминистр иӡбарала ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс". Авидеоендоскоп аендоскопиа аҟәшахьы ирышьҭит, УЗИ аппарат — аурологиатә ҟәшахьы.
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рҽырзыҟаҵара аус иалацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы.Агәырӷьара хадақәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рымҩаԥгара азгәаҭоуп. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба амшын аԥшаҳәаҿы ишьақәыргылоу асценаҿы аныҳәатә программа аиҿкааразы анапынҵа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.Аԥсаӡ хада агирлиандақәа ирылху алашаратә кәыршала идырхиоит. Уи аартра иазку аконцерт ргәы иҭоуп ԥхынҷкәын 21 рзы. Уи ашьҭахь, ашҭаҿы есыҽны имҩаԥыслоит амузыкатәи ахореографиатәи гәмырҿыӷьратә усмҩаԥгатәқәа.
Ауааԥсыра ашәҟәы рҭагалара аҵарадырра аҩаӡара, аҭаацәаратә ҭагылазаашьа, аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара, атәылауаа рматериалтә маншәалара азыԥхьагәанаҭозароуп. Абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекономикеи азини ринститут адиректор Фатима Камкьиаԥҳа. "Ас еиԥш арбагақәа рсахьа хаҭәаа аполитика ашьақәыргылара, аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аԥыжәарақәа ралкаара, аԥарақәа раԥхьа иргыланы иахьдәықәҵатәу уҳәа ҵаҵӷәыс ирзыҟалар алшоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аарыхратә хархәагақәа раахәара асубсидиазы азыҳәақәа рыдкылара аихшьаалақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы. Имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгыларазы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Иара иажәақәа рыла, зынӡа 286 зыҳәеи апроектқәеи аашьҭын. Аекономика аминистрра урҭ анализ рызнауит, алҵшәақәа рылаҳәара иазыхиоуп. Авидеоендоскопи УЗИ аппарати Ареспубликатә хәышәтәырҭа иаиуит.Агәабзиарахьчара аминистрра амаругақәа хәыда-ԥсада ирырҭеит зыхьӡ цәыргам ҩ-еиҿкаарак. Ахәышәтәырҭахь урҭ нарышьҭит аминистр иӡбарала ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс". Авидеоендоскоп аендоскопиа аҟәшахьы ирышьҭит, УЗИ аппарат — аурологиатә ҟәшахьы.Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рҽырзыҟаҵара аус иалацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы.Агәырӷьара хадақәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рымҩаԥгара азгәаҭоуп. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба амшын аԥшаҳәаҿы ишьақәыргылоу асценаҿы аныҳәатә программа аиҿкааразы анапынҵа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.Аԥсаӡ хада агирлиандақәа ирылху алашаратә кәыршала идырхиоит. Уи аартра иазку аконцерт ргәы иҭоуп ԥхынҷкәын 21 рзы. Уи ашьҭахь, ашҭаҿы есыҽны имҩаԥыслоит амузыкатәи ахореографиатәи гәмырҿыӷьратә усмҩаԥгатәқәа.Ауааԥсыра ашәҟәы рҭагалара аҵарадырра аҩаӡара, аҭаацәаратә ҭагылазаашьа, аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара, атәылауаа рматериалтә маншәалара азыԥхьагәанаҭозароуп. Абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекономикеи азини ринститут адиректор Фатима Камкьиаԥҳа. "Ас еиԥш арбагақәа рсахьа хаҭәаа аполитика ашьақәыргылара, аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аԥыжәарақәа ралкаара, аԥарақәа раԥхьа иргыланы иахьдәықәҵатәу уҳәа ҵаҵӷәыс ирзыҟалар алшоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0c/1066920055_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ccf0c5388aa65fd14766c4ff8c7928dd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио