Гәынба: аҟәатәи аҳаирбаӷәаза алшарақәа иалнаршоит ареисқәа рхыԥхьаӡара акырынтә аизырҳара
11:44 14.11.2026 (ирҿыцуп: 18:56 14.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 14— Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза алшарақәа иалнаршоит ареисқәа рхыԥхьаӡара акырынтә аизырҳара иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа аҟәантәи ҽнак 20 инареиҳаны ареисқәа шыԥыруаз.
Гәынба иазгәеиҭеит 2025 шықәсазы аҳаиреимадара аиҭарҿыцра ашьҭахь, ареспублика анапхгара Урыстәыла ацхыраарала аԥыррақәа ргеографиа арҭбаара иазхьамҧшузҭгьы, сынтәа арегионқәа, аилахәырақәа жәпакы рхала азҿлымҳара шаадырԥшыз, избанзар ахырхарҭа ҿыц алшарақәа ахәшьара арҭеит.
"Аҳаирбаӷәаза алшара дуӡӡоуп, уи иалдыршоит Урыстәыла жәларбжьаратәи ахырхарҭақәеи рахь аԥыррақәа ргеографиа акырынтә арҭбаара. Ари зегьы ҳекономиказы иҿыцу лшарақәоуп", — иҳәеит Гәынба, ТАСС аинтервиу аҭо.