Амшын еиқәа Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит Аҟәа
15:52 14.11.2026 (ирҿыцуп: 19:00 14.11.2026)

© Sputnik / Алексей Даничев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 14— Sputnik. Амшын еиқәа Жәларбжьаратәи амш азгәарҭоит Аҟәа.
Апрограммаҿы — ахәыҷқәа рзы аинтерактивтә зыҟаҵарақәа, Амилаҭтә библиотека иахьаҵанакуа афотоцәыргақәҵа аартуп, ААР аекологиа Аинститут аспециалистцәа злахәу иаарту алекциақәа, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
"Ҳара, Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы ҳанхоит, ари асистема ҳахәҭакуп, ацәыргақәҵагьы ауаа иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара аиҷаҳашьа дырҵара иазырхоуп", — иҳәеит аекологиа Аинститут аентомологиа алабораториа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Михаил Қриа.
Иара иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа хәыда-ԥсадоуп, иахьа амш иалагӡаны иаҭаар зҭаху рзы иаартуп.