Александр Журавски афорум Apsny Media Weekend алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит
11:08 15.11.2026 (ирҿыцуп: 11:52 15.11.2026)

© Sputnik / Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 15— Sputnik. Ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски афорум Apsny Media Weekend алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит.
Аглобалтә дунеиеиҿкаара аҽеиҭакразы алекциа мҩаԥысит урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы.
Журавски еиҭеиҳәеит адунеи аҿы аполитикатәии арратәии мчрақәа реиҟарара, арратә технологиақәа рҿы аԥыжәара змоу, аекономикатәии арратәии блокқәа злеиԥшым атәы.
Афорум мҩаԥысуеит абҵара 14, 15 рзы, уи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ажурналистцәа, апродиусерцәа, ацифратә контент авторцәа, иара убас ашьапылампылтә Медиалига ахәмарцәа.
Афорум ахықәкы хада — акультурабжьаратә еимадара арӷәӷәара, аҩ-тәылак рмедиа аусзуҩцәа реинырра, еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵара, Аԥсны иуникалтәу аҭоурых-культуратәи атуристтәи лшарақәа рӡыргара.
Афорум аиҿкааҩцәа — АНО "Интеграция", Амедиатә шьапылампылтә лига, Аԥсны ахада Иусбарҭа ацхыраарала.