Нарҭаа репос амотивқәа рыла арежиссиортә лабораториа аатит РУСДРАМ
17:01 15.11.2026 (ирҿыцуп: 22:27 15.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 15— Sputnik. Нарҭаа репос амотивқәа рыла арежиссиортә лабораториа аатит РУСДРАМ.
Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа Реидгыла апроект "Аҳәаанырцә иҟоу аурыс театр адгылара Ацентр" аҳәаақәҵаҩ Константин Горин Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, аусура иалахәуп иааԥхьоу хҩык арежиссиорцәа.
"Иахьа раԥхьатәи амш оуп. Артистцәеи дареи ҳареи ҳаибадырит, гәыԥ-гәыԥла еихаҳшеит, уажәы аҽазыҟаҵарақәа рахь ҳцеит. Ԥшьымши бжаки аусурахь иҳамоуп", — азгәеиҭеит иара.
Горин иажәақәа рыла, Дмитри Богданов иазирхиоит "Нарҭаа ран илызку ашәа — Аԥа Уахсиҭ". Иури Печенежски ахәаԥшцәа ирыдигалоит аескиз "Гәында ԥшӡа", Анна Трушина — "Амра еиԥш илашо, амза еиԥш икаҷҷо. Сасрыҟәа иҭахара".
Апроект хықәкыс иамоуп Нарҭаа репос, уи афырхацәа, асиужетқәа, ахаҿсахьақәа раарԥшраҿы атеатр алшарақәа рыҭҵаара.
Иаарту арбара мҩаԥгахоит абҵара 20 асааҭ 18:00 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр асценаҿы.
Акритикцәа рылацәажәареи ахәаԥшцәа рыбжьыҭиреи реихшьаалақәа рыла, ицәыргахо аескизқәа руак атеатр еснагьтәи арепертуар иалало аспектакль наӡа анаҩстәи аус адуларазы иалххоит.