Амилаҭтә спорт хкы азы ачемпионати аԥхьахәгареи Аимҵакьачара аҩбатәи атур мҩаԥысит Аҟәа
19:11 15.11.2026 (ирҿыцуп: 22:30 15.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 15— Sputnik. Амилаҭтә спорт хкы азы ачемпионати аԥхьахәгареи Аимҵакьачара аҩбатәи атур мҩаԥысит Аҟәа.
Актәи амш азы х-еиԥыларак мҩаԥысит. Кәтолтәи аспортсменцәа аҟәатәи ашкол №5 иаҵахеит, Ҷлоутәи акоманда аҟәатәи ашкол №1 иаиааит, аԥхьахәгара ахәмарраан ашкол №5 Кәтол иаиааит 41:0 ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Аҩбатәи амш азы афонҿыцтәи "Аԥсар" Ҷлоуи иареи реицыхәмарраан аиааира агеит. Ашколқәа №1, №5 реицыхәмарраан аиааира агеит аҩбатәи. Аԥхьахәгара аҳәаақәа ирҭагӡаны акомандақәа реиԥылара акәзар, аҟәатәи ашкол №5 азы 29:3 ҳәа ихыркәшахеит.
Ачемпионати аԥхьахәгареи рыхәмаррақәа ирыцҵахоит иааиуа аԥсшьарамшқәа рзы.
Амилаҭтә спорт хкқәа рзы Аԥсны ачемпионат ҳацыркхеит Ареспубликатә стадион аҿы абҵара 8 рзы. Акомандақәа еицлабуеит 18 шықәса зхымҵыц, 18 шықәса ирҭысхьоу ақәратә категориақәа рҿы. Иазгәаҭоуп 5 турк, ахәмаррақәа мҩаԥыслоит абҵара 29 рҟынӡа, иаларҵоит адисциплинақәа хԥа рзы аицлабрақәа.