00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Особое внимание: как в школах Абхазии помогают детям с особенностями развития
14:47
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь апрокуратура Нодик Кәыҵниа иганахьала ашьаус хацнаркит ауаҩшьразы аҽазышәара инамаданы.Иацы, абҵара 15 рзы Аҟәа иҟалаз ахысра иахҟьаны Ареспубликатә хәышәтәырҭахь ахәрақәа иманы днаган Ефрем Кәарҷиа. Ацәгьоура ҟазҵаз ҳәа агәҩара зду Кәыҵниа даанкыланы аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ашьаусеилыргараз аамҭалатәи аанкыларҭахьы днаган.Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь азыҳәа дәықәҵахоит Кәыҵниа иганахьала аҭакра аҳасабала аԥырҟәҟәааратә уснагӡатә алхразы.
Ареспубликатә аҿартә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аҵаратә проект "Медиа-Вектор" хацнаркит. Аԥшьгамҭа азырхоуп амедиаҵара аизырҳара, ҿыц аҩра иалагаз авторцәа рыдгылара, Аԥсны аҿар иаку аинформациатә ҵакыра рзаԥҵара.Мышктәи аинтенсив мҩаԥысуеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны, уи иалахәуп аԥснытәии урыстәылатәии аекспертцәа."Аԥсны Ҿа" ахантәаҩы Саид Ҟәланба иҳәеит апроект адгылара шаиуз ҳазҭоу ашықәс нанҳәамзазы имҩаԥысыз аиҿкаара афорум аҟны.200-ҩык атуристтә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла иаҭаахьеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҟәланба.Иара убас, апроект алахәылацәа амедиасфераҿы иԥсабаратәым аинтеллекти, иара убас ахатәпрезентациеи, иаарту ақәгыларақәеи ирызку алекциақәа ирзыӡырҩуеит.
Амедиалига ахаҭарнакцәа рзы итрадициатәу аԥсуа уаххьа мҩаԥысит Аҭара ақыҭан.Уи еиҿнакааит апроект Apsny Media Weekend аҳәаақәа ирҭагӡаны. Сасцәас иҟалеит ажурналистцәа, апродиусерцәа, Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ацифратә контент авторцәа, Ашьапылампылтә Медиалига аеҵәақәа.Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоуп Аԥсны атуристтәи акультуратәи лшарақәа рӡыргара, иара убас асезонбжьара атуристтә неиаара арҿиара.
Украинатәи Арбџьармчқәа Ҟрымтәи ацҳа ааха арҭеит , абри атәы иҳәеит ареспублика ахада Сергеи Аксионов.Аоперативтә маҵзурақәа уи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз имҩаԥырго аусурақәа ирыбзоураны Ҟрымтәи ацҳа аихамҩала аныҟәара еиҭахацыркуп аха атранспорт аныҟәара амш аҽеиҩшамҭанӡа иԥкхоит.Амҩа аамҭалатәи аԥкрақәа ирыхҟьаны, ԥшь-дәыӷбак раамҭа иагхан аҭыԥахь инеиуеит.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 1136 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Орловтәи, Воронежтәи, Владимиртәи, Смоленсктәи, уҳәа аобластқәа 16 рҿы.Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Краснодартәи атәылаҿацә, Москватәи арегион, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0