https://sputnik-abkhazia.info/20261117/1067004588.html
Ареспубликаҿы иаԥҵоуп "Аԥсны атеатртә усзуҩцәа Реидгыла"
Ареспубликаҿы иаԥҵоуп "Аԥсны атеатртә усзуҩцәа Реидгыла"
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. Ареспубликаҿы иаԥҵоуп "Аԥсны атеатртә усзуҩцәа Реидгыла". Аиҿкаара ахантәаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба иҳәеит аидгыла... 17.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-17T14:57+0300
2026-11-17T14:57+0300
2026-11-17T15:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102495/49/1024954911_0:16:1500:860_1920x0_80_0_0_b980c0c1cb6751e7fad52ef3096a2957.jpg
АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. Ареспубликаҿы иаԥҵоуп "Аԥсны атеатртә усзуҩцәа Реидгыла". Аиҿкаара ахантәаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба иҳәеит аидгыла ахыдҵақәа ишреиуахо атеатртә усзуҩцәа адгылара рыҭара, иара убас аҳәаанырцәтәи атеатрқәеи Аԥсны атеатрқәеи арҿиаратә еимадарақәа рыбжьаҵара. Даҽа хырхарҭакны аӡбахә иҳәеит атеатр аусзуҩцәа рсоциалтә цхыраара. Аидгыла иагәҭакуп аусзуҩцәа иааныркыло амаҵура иахьмырԥшыкәа агәабзиареи, ақәратә уадаҩрақәеи, атәанчахәытә еиқәыршәареи рызҵаарақәа рҿы ацхыраара рыҭара.Иара убас, аиҿкаара афестивальқәеи агастрольқәеи рымҩаԥгареи, атеатртә культура аҿиареи ари аусхк аҟны ареспублика атрадициақәа реиқәырхареи ирыцхраалоит.Ҳагба иара убасгьы иҳәеит, актиорцәа руалафахәы ашьҭыхра шхымԥадатәиу, иазгәеиҭеит ари азҵаара ӡбамкәа ишыуадаҩу атеатр аԥеиԥши Аԥсны атеатртә традициақәа реиқәырхареи рылацәажәара.
https://sputnik-abkhazia.info/20260710/1064286287.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102495/49/1024954911_84:0:1417:1000_1920x0_80_0_0_50c3388e3b20c11a7fd387a469508741.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Ареспубликаҿы иаԥҵоуп "Аԥсны атеатртә усзуҩцәа Реидгыла"
14:57 17.11.2026 (ирҿыцуп: 15:15 17.11.2026) АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. Ареспубликаҿы иаԥҵоуп "Аԥсны атеатртә усзуҩцәа Реидгыла".
Аиҿкаара ахантәаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба иҳәеит аидгыла ахыдҵақәа ишреиуахо атеатртә усзуҩцәа адгылара рыҭара, иара убас аҳәаанырцәтәи атеатрқәеи Аԥсны атеатрқәеи арҿиаратә еимадарақәа рыбжьаҵара.
Даҽа хырхарҭакны аӡбахә иҳәеит атеатр аусзуҩцәа рсоциалтә цхыраара. Аидгыла иагәҭакуп аусзуҩцәа иааныркыло амаҵура иахьмырԥшыкәа агәабзиареи, ақәратә уадаҩрақәеи, атәанчахәытә еиқәыршәареи рызҵаарақәа рҿы ацхыраара рыҭара.
Иара убас, аиҿкаара афестивальқәеи агастрольқәеи рымҩаԥгареи, атеатртә культура аҿиареи ари аусхк аҟны ареспублика атрадициақәа реиқәырхареи ирыцхраалоит.
"Ари аиҿкаара атеатри атеатр аусзуҩцәа рымаҵ ауроуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Ҳагба иара убасгьы иҳәеит, актиорцәа руалафахәы ашьҭыхра шхымԥадатәиу, иазгәеиҭеит ари азҵаара ӡбамкәа ишыуадаҩу атеатр аԥеиԥши Аԥсны атеатртә традициақәа реиқәырхареи рылацәажәара.