Аԥснытәи агимнасткацәа Пензатәи аобласт аҿы аспорттә ҽеизакрақәа рахь амҩа иқәлеит
10:02 18.11.2026 (ирҿыцуп: 10:40 18.11.2026)

© Foto / Госкомспорта Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Аԥснытәи агимнасткацәа Пензатәи аобласт аҿы аспорттә ҽеизакрақәа рахь амҩа иқәлеит.
Аԥснытәи аспортсменкацәа Урыстәыла иреиӷьу аспорттә хыбрақәа руак, ацентр "Буртасы" ахь рцара иалацәажәеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови агимнасткацәа разыҟаҵаҩцәеи ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамзазы.
Уи ашьҭахь аобласт агубернатор Олег Мельниченкои иареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит.
"Сгәыӷуеит, урҭ уаҟа рыспорттә ҩаӡара акырӡа ишьҭырхып, аибадырра ҿыцқәа роуп ҳәа. Ҳәарада, ацәаныррақәагьы рацәаны ирыманы ихынҳәышт — Урыстәыла Дуӡӡа рбоит, даҽа регионк рбоит. Насгьы сгәыӷуеит аминистр, зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза Евгени Александр-иԥҳа Бочкариова аҟаза-икласс лыманы арахь, ареспубликахь даап ҳәа", — иҩуеит Гладков.