Бадра Гәынба Гал ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит
13:14 18.11.2026 (ирҿыцуп: 14:01 18.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Бадра Гәынба Гал ауааԥсыра Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалара даԥхьеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Гәынба Гал араион Аԥсны мрагыларатәи агәашә ауп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит уи ауааԥсыра еснагь аџьа абзиабареи анхамҩеиҿкаареи рыла ишеицырдыруаз.
"Ҳара ҳҿаԥхьа иқәгылоуп азеиԥш уснагӡатәқәеи ҳтәыла аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра дуи. Ҳаицҿакны, ҳаидгыланы, ҳажәҩахыр еибыҭаны иҳаргылалоит иӷәӷәоу, ихьыԥшым, ишәҭыкакаҷуа аԥсуа ҳәынҭқарра. Уи азы ҳауаажәларра зегьы ракзаара рӷәӷәалатәуп", — аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Аҳәынҭқарра ахада иациҵеит араион асоциал-економикатә ҿиара иазырхоу апроектқәеи аԥшьгарақәеи аҳәынҭқарра еснагь ишрыдгылало.
Иара ақалақь ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, уаҵәтәи амш гәрагарала аԥылара.