Ацхыраара лас аҟаҵаразы раԥхьатәи атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны
12:46 20.11.2026 (ирҿыцуп: 13:12 20.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Амашәырқәа раан ацхыраара лас аҟаҵаразы раԥхьатәи атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны.
Абҵара 24 рзы авиациатә рыцҳарахҭыс амедико-санитартә хҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит.

Аҽазыҟаҵарақәа рлахәылацәа аҳаирплан шәарҭарыла иантәо, Аҟәа аҳаирбаӷәазаҿы "ааха зауз" ахыгахоит, амедицинатә еилыԥшаара еиҿкаахоит, иаалырҟьаны ацхыраара рыҭахоит, ахәышәтәырҭахь инагахоит.
Ареспубликатә хәышәтәырҭеи, Ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи, Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭеи рахь ааха зауз хыԥхьаӡара рацәала рнагара асценари аус адырулоит, ачымазцәа Урыстәылаҟа "риагара" мҩаԥгахоит.
"Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа раԥхьаӡакәны имҩаԥысуеит, уи зыбзоуроу, ҳҳаирбаӷәазаҿы апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара акырынтә иахьеизҳази ареисқәа рхыԥхьаӡара иахьацлази ауп", — иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа.
Аиҿкааҩцәа: Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа, Урыстәыла амашәырқәа рмедицина Афедералтә центр, Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрра.
Sputnik Аԥсны — аусмҩаԥгатә аинформациатә партниор.