Нарҭаа репос амотивқәа рыла ақәыргыламҭақәа ддырбеит РУСДРАМ
19:44 20.11.2026 (ирҿыцуп: 13:05 21.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Нарҭаа репос амотивқәа рыла ақәыргыламҭақәа ддырбеит РУСДРАМ.
Ақәыргыламҭа арежиссиортә лабораториа аихшьаалақәа ҟанаҵеит, уи аусура иалахәын хҩык аҟазацәа.
Дмитри Богданов ицәыригеит аескиз "Нарҭаа ран илызку ашәа. Сиҭ иԥа Уахсиҭ", Иури Печенежски — "Гәында ссир", Анна Трушина — аескиз "Амра еиԥш илашо, амза еиԥш икаҷҷо. Сасрыҟәа иҭахара".
РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, нарҭаа рҳәамҭақәа шьаҭас ироурц рыӡбеит, избанзар асценаҿы ари аматериал сахьаркырала азхәыцра азхом.
"Ари агәаӷьра дууп, избанзар ҳара зегьы ҳаԥсуа ҳәамҭақәа рзы ҳхатәы гәаанагара ҳамоуп. Аха алабораториа — ари акы агьама абара, агха аҟаҵара, уск аҿы ақәҿиарақәа раарԥшразы алшара ауп", — ҳәа ациҵеит иара.
Аескизқәа андырбалак ашьҭахь анапхгареи ахәаԥшцәеи ирыӡбоит иарбан цыԥҵәахақәоу иааиуа ашықәс азы атеатр арепертуар иахәҭакхо ихаҭәаау спектакльны иҟало.