Зураб Ҭыжәба иусумҭақәа ӡырыргеит Аҟәа имҩаԥысуаз ацәыргақәҵаҿы
14:45 21.11.2026 (ирҿыцуп: 14:48 21.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 21 — Sputnik. Зураб Ҭыжәба иусумҭақәа ӡырыргеит Аҟәа имҩаԥысуаз ацәыргақәҵаҿы.
Ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхҩы игәалашәара" еицырдыруа аԥсуа скульптор, асахьаҭыхҩы диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкуп. Уи аартуп ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны.
Аекспозициа иалалеит аметалл ала ачаԥара атехникала аусумҭақәа, астаноктә ҿыханҵа, еилаԥсоу атехникақәа рыла аграфика, апоезиатә рҿиамҭақәа, иара убас Ҭыжәба иҭаацәаратә архив аҟынтәи архитектура-сахьаркыратә проектқәа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Асахьаҭыхҩы иԥшәмаԥҳәыс Гал Калашникова-Ҭыжәба лажәақәа рыла, аусумҭақәа рыхәҭак раԥхьаӡакәны ицәыргоуп.
Аҭааҩцәа ирыдыргалеит иара убас аҟаза иԥсҭазаара иазку адокументалтә фильм.
Ацәыргақәҵа аҩналара хәыда-ԥсадоуп, иаартуп жәамш.