Асахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡе иескизқәа рцәыргақәҵа аатит Мариинтәи атеатр аҟны
18:30 21.11.2026 (ирҿыцуп: 19:25 21.11.2026)

© Foto / Public domaine
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 21 — Sputnik. Асахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡе иескизқәа рцәыргақәҵа аатит Мариинтәи атеатр аконцерттә зал аҟны.
Аусмҩаԥгатә арежиссиор Константин Балакин испектакль "Тристани Изольдеи" арбара иазкуп.
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп алегендартә қәыргыламҭазы иаԥҵоу акостиумқәа рескизқәа. Аекспозициазы урҭ рылҭеит аколлекционер Ирина Дочиаԥҳа.
Иара убас, Мариинтәи атеатр архив аҟнытә ацәыргақәҵазы ицәырган "Тристани Изольдеи" аԥхьарбара афиша.
Ацәыргақәҵа даҭааит асахьаҭыхҩы имоҭа Татиана Шервашиӡе.

"Атеатр — иеиҭаҵуа ҟазароуп уҳәар ауеит. Иҟаҵатәузеи уи аанкыларазы? Абас мацара, шәышықәса раԥхьа иҟаз аарԥшуа, еиҭаҳәо", — лҳәеит лара.
Санкт-Петербург ашьҭахь аекспозициа Парижҟа амҩа иқәлоит. Уи аатуеит аурыс ҭҵаарадырреи акультуреи рыҩны аҟны ԥхынҷкәын 3 рзы.
Александра Чачба-Шервашиӡе — асахьаҭыхҩы, петербургтәи Аимператортә театрқәеи Аурыс сезонқәеи рсценограф, иара убас Аԥснытәи аҳ Қьалышьбеи Чачба имоҭа.