00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
30 мин
21:00
31 мин
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа мифологиа шьаҭас измоу ахәмарра "Хьыӡрацара" ӡырыргеит Аҟәа

© telegram SputnikAbkhaziaПрезентация игры "Хьыдзрацара", созданной по мотивам абхазской мифологии, состоялась Сухуме
Презентация игры Хьыдзрацара, созданной по мотивам абхазской мифологии, состоялась Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 21 — Sputnik. Аԥсуа мифологиа шьаҭас измоу ахәмарра "Хьыӡрацара" ӡырыргеит Аҟәа.

Апроект нагӡоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала.

"Хьыӡрацара" — фҩык рҟынӡа ауаа злахәу, аишәа иадтәалан имҩаԥырго хәмарроуп. Дарбанызаалак ахәмарыҩ ихахьы игар илшоит аԥсуа мифологиа аперсонажцәа руаӡәк ироль: абнацә атәыҩақәа змоу, игәаӷьыуацәоу Џьамхәыхә, амч ду змоу Аҵан, иссиру, игьангьашу Ӡызлан, адауаԥшь Абрыскьыл, Бжеиқәа-Бжашла, мамзаргьы игызмалу аҭаҳмада Ҭачкым.

Дарбан фырхаҵазаалак ихатәы ҷыдарақәеи илшарақәеи имоуп, ахәмарра амҩаԥысшьа акәзар, алахәылацәа рыӡбамҭақәеи, урҭ ргәеилгареи, дара-дара реинырра адырреи акыр ирхьыԥшуп.

Ахәмарра раԥхьатәи аверсиа аус адырулеит Гәдиса Мамацеви адизаинер Диана Нарманиеи. Ашьҭахь Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥшьгаратә гәыԥ ирыднагалеит ахәмарра апрототип аус адулареи раԥхьатәи атираж аҭыжьреи рзы.

Апроект анаҩстәи аус адулара мҩаԥысуан АААК апроектқәа рменеџьер Наур Хьышба инапхгарала.

Ахәмарырҭатә дәы инагӡаны аԥсышәала иҩычоуп, аԥҟарақәа ҩ-бызшәак рыла иазырхиоуп — аԥсышәалеи урысшәалеи.

"Акультура аиқәырхарала мацарала изынхом, убри аҟнытә ҳара ҳреиҷаҳаны ҳҽазаҳшәоит уи аӡыргаразы иҿыцу аформақәеи амеханизмқәеи рыԥшаара. Афестиваль Apsua Code азы иазырхиаз ахәмарра анаҳба, иаҳҭаххеит ари аԥшьгара адгылара аҭара, аинтерес зҵоу апрототип ихаҭәаау аишәатә хәмарраны аҟаҵара ацхраара", — иҳәеит Хьышба.
Ажәабжьқәа зегьы
0