00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нарҭаа ирызку аетиудқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2026
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи арежиссиортә лабораториа мҩаԥысит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы. Ииасыз ашықәс азы аескизқәа акиносиужетқәа ирызкызҭгьы, сынтәа Нарҭтәи аепос иазхьаԥшит. Аиашазы даара игәаӷьыуацәоу шьаҿоуп атеатр азы ари аҩыза ақәыргыламҭа аҽазкра.

Нарҭтәи аепос автор дызмам, жәлар иаԥырҵаз доуҳатә рҿиамҭоуп, насгьы иамоуп еиуеиԥшым, ҵакыла еизааигәоу авариантқәа. Алабораториа аус адызулоз хҩык арежиссиорцәа иалырхит асиужетқәа хԥа – "Уахсиҭ – Нарҭ Сиҭ иԥа", "Сасрыҟәа – Афырхаҵа имҩа", "Нацәакаҷҷа шыцәаз".
© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2026
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Асиужетқәа рышьҭахь ишаԥу еиԥш, ахәаԥшцәа злахәу аилыргара мҩаԥысуан. Аҳәара сцәыуадаҩуп избаз ақәыргыламҭақәа инеибеиԥшны агәахәара сырҭеит ҳәа. Алагамҭазы атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иҳәеит ԥшьымш ирылагӡаны ицоз аусура алҵшәақәа шҳадыргало арежиссиорцәа.
"Нарҭтәи аепос иахьатәи ауаҩы иеилкааразы ацаԥха аазыртуа рҿиамҭақәоуп. Саргьы шәара шәеиԥш уажәоуп санахәаԥшуа, иалҵшәахо аилыргарақәа раан ҳахцәажәап", — иҳәеит адиректор хада.
Аескизқәа ирылахәуп атеатр атруппа иалоу раӷьыраҩык. Зныкгьы Нарҭаа репос иалху ақәыргыламҭқәа сымбацызт, убри аҟынтә, Урыстәылантәи иааз арежисисорцәа рнапкымҭа хшыҩзышьҭра асҭон. Адҵа ирымаз даара имариамызт, ахәаԥшцәа зегьы уи иазҿлымҳан. Сгәанала, зегь реиҳа Нарҭаа ирызку асиужет асценахь аиагара зылшаз "Уахсиҭ – Нарҭ Сиҭ иԥа" аус адызулоз арежиссиор Дмитри Багданов иоуп. Абраҟа иҟаҵан аԥышәа ажәытәи аҿатәи еиҿыбааны, иахьатәи ахәаԥшҩы идикыло, аепос иаднамкыло асценатә елементқәа рацәак иадымгалакәа.
Иазгәаҭатәуп, аурыс театр аҿы аус шыруа, аԥсшәа здыруа, аԥсуа сахьарк ажәа злааӡоу актиорцәа. Нарҭтәи асиужет анагӡараҿы уи аҵакы амоуп сгәахәуеит. Агылашьа, атәашьа, анеиааишьа уҳәа аԥсуа цәаҩа ахаҵаны иниеигӡеит сҳәар ауеит Уахсиҭ ироль зырҿиоз Саид Лазба.
© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2026
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Алашара ахархәарала, арежиссиор агагақәа рыла иааирԥшыз адау (Асҭан Аџьынџьал) ицәыргашьа даара атеатр ианаало иҟаҵоуп. Исгәаԥхеит алашара аус шауа, иаҩцацәамкәа аԥштәқәа цәыргоуп. Богданов илшазшәа сыҟоуп Нарҭ Уахсиҭ ифырхаҵареи иӷәӷәареи раарԥшра, ҳәарада иалихыз актиор ибзоурагьы уа иалоуп. Ажәабжь аиҭаҳәаҩцәа Наталиа Папасқьыр, Марина Скворцова авансенаҿы аус руан асиужет мҩақәҵо. Хымԥада, аетиуд експериментуп, уаҟа ицәырҵуа ахаҿқәа Саҭанеи Гәашьа, ажәеиԥшьаа иаҳәшьа уҳәа ирзалхыз асценатә цәаҳәа иманшәаланы ианысит сҳәарц сылшоит (Симона Спафопуло, Милана Ломиа). Ас еиԥш иҟоу асиужетқәа атеатртә ԥышәа ду зларымам ала, сгәы иаанагоит амҩа аиур ари асиужет, арежисисор даара аусутә иоуеит ҳәа. Уахсиҭ изку анҵамҭақәа ҳрызхьаԥшыр, агәаӷьреи агәымшәареи злоу иакәын: "Еиқәԥо, еиқәԥо адау дкаҳаит. Данкаҳа, инапы ааикәиршеит, дикит", — абас иҟоу атектсқәа иаадырԥшуеит Уахсиҭ зырҭаслымра мариам фырхаҵаны дшыҟоу.
© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2026
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Аилыргара иалахәыз академик Зураб Џьапуа данцәажәоз иҳәеит иҵегьы асиужетқәа рвариантқәа ҭырҵаарц. Аҵарауаҩ иажәа иалан "иахьыжәгәаӷьыз иҭабуп" ҳәа.
"Сара Нарҭаа ирыдҳәало анҵамҭақәа ҭызҵаауа уаҩуп, абри имҩаԥыжәго аексперимет-алабораториа атәы сҳәозар еилыскааратәы иҟоуп. Ииашоуп, даара иуадаҩуп еихышәшәо асценаҿы урҭ аепикатә сиужетқәа рцәыргара. Уахсиҭ идҳәало атәы сҳәозар, алакәқәа ирышьашәалоуп, убри аҟынтәи уи ацәыргашьа шәақәшәеит ҳәа исыԥхьаӡоит, иагьшәыдысныҳәалит", — иҳәеит нарҭыдрҩы Зураб Џьапуа.
Анна Трушинеи ("Сасрыҟәа- Афырхаҵа имҩа") Иури Печенежски ("Нацәакаҷҷа шыцәаз") рҿы иубоит ишыҟоу аԥшаарақәа. Еиҳаракгьы, иалыскаауеит асценақәа рҿы ахархәара змоу ацаха шкәакәақәа. Сасрыҟәа иира иаҵоу амаӡақәа раарԥшразы даара ииашаз амагиатә цәаҩа змаз амҩа азалхын. Аҵыхәтәаны ҳазхәаԥшыз Печенежски иқәыргыламҭа аетиуд азы еиҵыхцәан, актиорцәа ирҳәоз атектсқәагьы рацәан. Иагзар ҟаларын уи хазырҭәаауаз амизансценақәа. Аха, ари етиудуп, убриа ҟынтә, макьаназы иуадаҩуп иааихҵәаны ахәшьара аҭара.
© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2026
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Иракли Хынҭәба данцәажәоз иҳәеит, асиужетқәа руакы амҩа аиуазар, афольклордырҩцәа уҳәа аконсультациақәа рыҟаҵара ргәы ишҭоу, избанзар, ақәра ду змоу жәлар рҳәамҭақәа асценаҿы ақәыргыларазы аԥышәа ду злаҟам ала, иаҭахуп еилацаланы иҟаҵоу, апиеса аҟазшьа змоу алитературатә текст бзиа. Сгәанала арҭ асиужетқәа ирыдгалазар бзиоуп аԥсуа типажқәа ззырҳәо актиорцәа, ус иҟоу маҷҩым аурыс театр аҿы.
Нарҭаа ирызку асиужетқәа зегьы ааидкыланы — аԥсуа фырхаҵаратә епос ҳәа иашьҭоуп. Иаҳҭахы — иаҳҭахым Нарҭаа ражәабжьқәа еиҳарак ауаа нарҳақәа рыла еибыҭоуп. Асиужетқәа рыхԥагьы рҿы ахархәара рымоуп аԥсуа мелодиақәа, уигьы иазхәыцит ақәыргылаҩцәа. Аетиудқәа ирыхәаԥшуаз асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҳәеит, ихаҿы аагара шицәыуадаҩыз Нарҭаа репос иалху арҿиамҭа асценаҿы ишыҟало азы. Аха, иара агәахәара инаҭеит иибаз, иажәа ахы ахьцоз ала.
"Иџьашьахәуп избаз. Иалшозаап Нарҭаа ирызку анҵамҭақәа асценахь риагара. Абри адау ихаҿсахьа шаԥышәҵаз еиԥш, иазхәыцтәуп иҵегьы Нарҭа ран Саҭанеи-Гәашьа лаарԥшышьа. Лара лыкәша-мыкәша иҵәилароуп ахҭысқәа. Акырынтә сҽазысшәахьеит уи лсахьа аҭыхра, аха имариаӡам. Иҭабуп ишәылшаз азы", — иҳәеит иара изеиӷьшьарақәа цәырго.
Афольклортә нцамҭақәа рҿы Саҭанеи-Гәашьа даара ихырку бызшәала даарԥшуп, дҵәатәышьаҟоуп ҳҳәар ауеит Нраҭаа дуқәа рыбжьара. Лара лаарԥшышьақәа ицәырырго асиужетқәа ҳрызхәыцуазар зегь злаз ԥҳәысын:
Мрада дкаԥхоит,
Мзада дкаҷҷоит,
Саҭанеи-Гәашьа.
Дардыс ишьҭылхыз
Ҵлакы иаҟароуп,
Дардахас иахоугьы
Лыукы иаҟароуп…
Абраҟа сгәанала иазхәыцтәхоит урҭ атекстқәа аурысшәахь риагараҿы даара ишацклаԥштәу абызшәа. Аурыс театр аҿы урысшәалоуп ишықәдыргыло, Нарҭа ртектсқәа ижәытәӡатәиу аԥсуа бызшәала еиҭаҳәоуп. Иахьатәи ахәаԥшҩы уи инырырц азы, даҭаххоит аԥсшәа аҟынтә аурысшәахь аиҭагаҩ-аҟаза ду. Џьара-џьара аоригинал абызшәа нужьыргьы ауеит, еиҳаракгьы иажәеинраалоу аформаҿы. Асахьаҭыхҩы Габлиа иазгәаҭақәа ирыцҵо, Саҭанеи-Гәашьа аетиудқәа рҿы маҭәа шкәакәала дахьеибыҭо азы иҳәеит "ажәытәан ашкәакәа акәымкәа, амаҭәа еиқәаҵәа шакәыз иныҟәыргоз". Уи ииашаны хшыҩзышьҭра зҭатәу ауп, избаназар, иахьа иқәҳаргылозаргьы, ииасхьоу аамҭақәа ртрадициақәа аиқәырхара аҭахуп аепос аарԥшраҿы.
© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
1/3
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
© Sputnik / Томас ТхайцукПостановки по мотивам нартского эпоса показали в РУСДРАМе
Постановки по мотивам нартского эпоса показали в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
2/3
Постановки по мотивам нартского эпоса показали в РУСДРАМе
© Sputnik / Томас ТхайцукПостановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
3/3
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
1/3
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
2/3
Постановки по мотивам нартского эпоса показали в РУСДРАМе
3/3
Постановка по мотивам нартского эпоса в РУСДРАМе
Аиааира зго арежиссиор иусумҭа анагӡаразы, еиҭасҳәоит, даара акраҵанакуеит аспектакль азы иаԥҵахо алитературатә шьаҭа абырҵкал икылхны ишазнеитәу. Ижәытәӡатәиу Нарҭаа рдунеи асценаҿы иаҭаххоит ахшыҩеилаҵара, зхи зҵыхәеи еидҳәало асиужет аиқәыршәара. Абас иҟоуп иахьатәи схәыцрақәа сызхәаԥшыз алабораториатә усумҭақәа рышьҭахь. Иарбан етиуду аиааира зго аҳәара сцәыуадаҩуп, аха усгьы "быжь-хык зхагылаз адау ииааиз, фырхаҵарыла ԥҳәыс дызгаз" Сиҭ иԥа Уахсиҭ изку еиҳа сгәы азцеит.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0