Анцәаимҵаныҳәара мҩаԥыргеит Дәрыԥшь ақыҭан иҟоу Архистратиг Михаил иныхабааҿы
13:00 22.11.2026 (ирҿыцуп: 16:39 22.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik. Анцәаимҵаныҳәара мҩаԥыргеит Дәрыԥшь ақыҭан иҟоу Архистратиг Михаил иныхабааҿы.
Ауахәама аҭоурых аҿы анцәаимҵаныҳәара ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама.
Ауахәама ргылоуп IX–X ашәышықәсақәа ирыҵаркуеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ажәытә қьырсиантә ргыламҭа аҭыԥан. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ахыжәжәарақәа рҭыԥан идыргылеит амҿтәы уахәама, ԥыҭрак ашьҭахь идыргылеит ахаҳәтә уахәама, уи 1914 шықәса цәыббра 28 рзы аамсҭа Мырзаҟан Лакрба далархәны ирыԥшьеит.
2023 шықәса раахыс ауахәамаҿы амеценатцәеи адинмаҵзуҩцәеи рыцхыраарала арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.