Иаха илеиуаз ақәаршҩы Шәача ааха ӷәӷәа анаҭеит
14:23 22.11.2026 (ирҿыцуп: 16:40 22.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik. Иаха илеиуаз ақәаршҩы Шәача ааха ӷәӷәа анаҭеит.
Иаха аӡиасқәа рыҩаӡара шьҭыҵит, ҭыԥқәак рҟны аӡымҭҟьар леит ахаҳәқәа каҳаит, абри атәы ааицҳауеит ақалақь ахада Андреи Прошунин.
Ақалақь аинфраструктура абжьааԥнеиԥш аус ауеит. Акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа рымч хадақәа Адлер аӡиас Қьеԥшь иҟанаҵаз аԥхасҭа ахьҟьаԥҟьақәа раԥыхра иазырхоуп. Уаҟа аӡымҭҟьар лбааит, анышәаԥшьи ахаҳәқәеи амҩа ианыжьлоуп, хә-ҩнык аӡы рыҵалеит, амҩа ҵнаӡәӡәааит.
Кудепсҭа амҩақәа дрыцқьон, Лазаревтәи араион аҿгьы шҭақәак аӡы рыҵалеит, х-ҵлак каҳаит.
Прошунин иажәақәа рыла, Шәача амшцәгьазы агәҽанҵара рылаҳәоуп, иааиуа амчыбжь азгьы ақәоурақәа азгәаҭоуп.
"Убри аҟынтә ихадоуп иҟалар зылшо ашәарҭарақәа заанаҵы ахәшьара рыҭара. Аӡиасқәа рҿы аҭагылазаашьа ахылаԥшра иаҿуп аспециалистцәа, амаҵзурақәа русура ҳәаақәнаҵоит аоперативтә штаб", — иҩуеит иара.