Ақәаршҩы иахҟьаны ишьҭыҵыз аӡисқәа Аҟәа араион аҿы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит
15:43 22.11.2026 (ирҿыцуп: 16:42 22.11.2026)

© Sputnik / Евгений Одиноков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik. Ақәаршҩы иахҟьаны ишьҭыҵыз аӡисқәа Аҟәа араион аҿы амҩақәа ҵнаӡәӡәааит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Аӡиасқәа Кьалашәыри Гәымсҭеи хыҵит . Аӡы аҩаӡара лаҟәаанӡа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылагара залыршахом.
Зегь реиҳа ааха аиуит Ӡыгәҭа ақыҭан Вавилов имҩа. 12 ҩны амҩа иаҿахҵәан. Ауааԥсыра рхала иахыкәшаны амҩасра еиҿыркааит.
"Синоптәи аиҩхааҿы хәҭа-хәҭала ацҳахыҵырҭа ҵыӡәӡәаауп, Аҩадатәии Аладатәии Ешыра ақыҭа мҩақәа ааха роуит. Кьалашәыр, Ӡиӡариа имҩаҿгьы амҩасразы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Уаҵәы уахь атехника ҷыда дәықәаҳҵалоит", — азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.
Камантәи аберҭыԥ аҿаԥхьа ацҳа хәҭа-хәҭала ишеилаҳаз атәы еилкаахеит.
Ҷыҭанаа иҳәеит ари ацҳа ахатәхаҿқәа ишдыргылаз, уи шамахамзар ахархәара шамам, избанзар иааиԥмырҟьаӡакәа уи араион аҿы аӡәгьы дынхаӡом. Ахадара ахаҭарнакцәа ацҳа иааиуа амшқәа рзы игәарҭоит, аԥхасҭақәа ахәшьара рырҭоит.