https://sputnik-abkhazia.info/20261122/1067117861.html
"Амхурсҭа аҳкәажә" - аџьықәреи аҭагалара
"Амхурсҭа аҳкәажә" - аџьықәреи аҭагалара
Sputnik Аҧсны
Уажәы ҳазҭагылоу абҵарамза аҽаҩра аингалара иашыкьымҭоуп. Анхацәа рҽаҩра еизыргоит, аџьықәреи ҿырхуеит, аҩы ҭарҭәоит, ашәырхкқәа дырҩоит, рырахә рхәы... 22.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-22T16:57+0300
2026-11-22T16:57+0300
2026-11-22T16:57+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0f/1066964033_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_fa854a25905574dd546cc08215ace1db.jpg
Уажәы ҳазҭагылоу абҵарамза аҽаҩра аингалара иашыкьымҭоуп. Анхацәа рҽаҩра еизыргоит, аџьықәреи ҿырхуеит, аҩы ҭарҭәоит, ашәырхкқәа дырҩоит, рырахә рхәы еиқәдыршәоит.Аԥсны иаадрыхуа аџьықәреи ҩ-хкыкны иҟоуп: алаҭаҷаҷа, алгажә.Аџьықәреи акультура Аԥсны иаланагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы. Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит. Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит. Ашыла мгьал агьама акәзар, акы иаламҩашьо иҟоуп. Иара убас ашыла ахархәара арҭоит егьырҭ афатә хкқәа рҟынгьы. Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит. Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0f/1066964033_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_73acd6b38a5af86da138af03129ee4c1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
"Амхурсҭа аҳкәажә" - аџьықәреи аҭагалара
Уажәы ҳазҭагылоу абҵарамза аҽаҩра аингалара иашыкьымҭоуп. Анхацәа рҽаҩра еизыргоит, аџьықәреи ҿырхуеит, аҩы ҭарҭәоит, ашәырхкқәа дырҩоит, рырахә рхәы еиқәдыршәоит.
Аԥсны иаадрыхуа аџьықәреи ҩ-хкыкны иҟоуп: алаҭаҷаҷа, алгажә.
Аџьықәреи акультура Аԥсны иаланагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы. Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.
Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит. Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит. Ашыла мгьал агьама акәзар, акы иаламҩашьо иҟоуп. Иара убас ашыла ахархәара арҭоит егьырҭ афатә хкқәа рҟынгьы. Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит. Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.

́Очамчыра араион Баслахә ақыҭан инхо анхаҩы Гьаргь Ҭҳаиҵыкә

Аџьықәреи акультура Аԥсны иқәнагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы.

Ҵыԥх Аԥсны иҭаргалеит 1,5 тонна аџьықәреи.

Аџьықәреи алаҵара иалагоит лаҵарамзазы, анаҩсан идрашәоит, аҿыхра иалагоит ҭагалан, ибзианы инҩалак.

Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит.

Аԥсны иҟоуп еиуеиԥшым аԥш жәлақәа: аԥш шкәакәа, аԥш ҩежь, аԥш ҟаԥшь, аҩсҭаа иԥш уб.иҵ.

Аџьықәреи иалху ашыла, ишдыру еиԥш, ашьақар, акрахмал, авитамин В1 алоуп. Иара ирласны иухаҳауа акакәны ишьоуп.

Аџьықәреиҿыхра ианаамҭоу аҭаацәа зегьы еицхыраауеит.

Аџьықәреи Аԥсны аарыхра иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Уаанӡа иаадрыхуаз ашыи, ахәыӡи — аџьықәреи иаԥсахит.

Аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит.

"Амхурсҭа аҳкәажә" ҳәа ззырҳәо аџьықәреи аарыхны ацаҟынӡа анагаразы, шаҟа цьабаа аҭахыузеи? Адгьыл ацәаӷәара, алаҵара, арашәара, аҭагалара уҳәа.

Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит.

Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит.

Ҭагалан уажәааны анхацәа рымхқәа анҭаргалалак, ршәыр-рқәыр, руҭраҭых ҿыхны ианалгалак, аҽаҩраныҳәа мҩаԥыргоит.