Арҵаратә киноквиз "Агравитациа" хыркәшахеит Аԥсны
13:22 23.11.2026 (ирҿыцуп: 16:22 23.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Арҵаратә киноквиз "Агравитациа" хыркәшахеит Аԥсны, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит акультуратә фонд "Аԥсны-Русь" анапхгаҩы Татиана Леонова.
Абҵара 17-21 рзы апроект иалахәын 12-16 шықәса зхыҵуа 150-ҩык ашколхәыҷқәа.
Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал, Аӡҩыбжьа ақыҭа рышколқәа рҿы. Апроект нанагӡеит 2026 шықәсазтәи апроекттә акселератор аҿы аиааира згаз афонд "Аԥсны-Русь" аҿар ркоманда.
Апрограмма иаҵанакуан ҩ-етапк: раԥхьа ашколхәыҷқәа амобилтә планетариаҿы иахәаԥшит СССР-и Урыстәылеи ркосмостә еихьӡарақәа рҭоурых иазку анаука-рккаратә фильм, анаҩс алекциа аелементқәа зныз атематикатә квиз иалахәын.
Леонова лажәақәа рыла, ари аҩыза аформат аинформациа еиҳа еиӷьны ашьҭкаара иацхраауеит, ашколхәыҷқәа акосмонавтика аҭҵаарадырреи, атехникеи, аҭоурыхи рахь аинтерес рызцәырнагоит.
Иара убас, ҷыдала апроект алахәылацәа рзы акосмонавт Сергеи Прокопиев акосмонавтцәа разыҟаҵара Ацентр аҿы авидеоааԥхьара аниҵеит.
Апроект нагӡоуп Москва Аиҳабыра, москватәи ҳџьынџьуаҩ иҩны, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос" рыцхыраарала.