Аԥснытәи аделегациа Ҭырқәтәылаҟа рыҟазаара аихшьаалақәа ҟарҵеит Ауаажәларратә палатаҿы
15:34 23.11.2026 (ирҿыцуп: 16:21 23.11.2026)

© Sputnik / Томас Ҭхаиҵыҟә
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Ҭырқәтәылатәи Апарламент аҿы "Аԥсны адгылаҩцәа ргәыԥ" адгылара арҭеит 174-ҩык адепутатцәа.
Аԥснытәи аделегациа Ҭырқәтәылаҟа рыҟазаара аихшьаалақәа рыла абрифинг мҩаԥысит Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Жәлар Реизара адепутатцәа, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, Ауаажәларратә палата, Аԥсуаҭҵааратә институт, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аибашьратә Ахьӡ-аԥша амузеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс рхаҭарнакцәа.
Аимадарақәа рырҿиареи Ҭырқәтәыла аус ацура арҭбаареи рзы аплатформа аԥҵан Ҭырқәтәыла Апарламент адепутатцәа раԥшьгарала. Уи иадгылеит 10 политикатә партиак, Апарламент азеиԥш еилазаара аҟынтәи 30%.
Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭеит апроблема иахьалацәажәаз аҩаӡара шыҳараку.
"Европатәи атәыла, НАТО алахәыла, акомиссиақәак абри аҩыза азҵаара ахьышьҭырхыз. Ҳара ҳзы ари азҵаара аӡыргаразы ари даара ишьаҿа дууп", — азгәалҭеит лара.
Ҭырқәтәылатәи рколлегацәеи дареи реиԥылараан аԥснытәи аделегациа алацәажәеит аԥсуа тәылауаҩшәҟәы официалтә документк аҳасабала азхаҵара, ишиашоу апассаџьыртә еимадара ашьақәыргылара, ареспублика аекономикатә ԥкрақәа рхыхра рызҵаарақәа.