Аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусзуҩцәа жәҩык Шәачатәи аҳазалхырҭаҿы рԥышәеизырҳара иахысит
18:54 23.11.2026 (ирҿыцуп: 19:58 23.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Аҳазалхратә гәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусзуҩцәа жәҩык Шәачатәи аҳазалхырҭаҿы рԥышәеизырҳара иахысит.
Хымш рыла дара идырбан Шәача аҳаирбаӷәаза аҳазалхратә ҭыԥ, аихамҩатәи автомашьынатәии аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлери" русура шеиҿкаау.
Дара иҭырҵааит аушьҭырҭатә ҭыԥқәа русура аиҿкаара, атауарқәеи атранспорти рхылаԥшра аԥҟарақәа, иара убас еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара апрактика, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә еилакы.
Аԥышәеизырҳара мҩаԥысуаназы аҩ-тәылак рҟазауаа аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит, дара аҳазалхратә хылаԥшра еиуеиԥшым аформақәа рхархәара иалацәажәеит, рзанааҭтә ԥышәа еимырдеит.