"Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус" алахәылацәа рҵаратә зыҟаҵарақәа хдыркәшеит
20:08 23.11.2026 (ирҿыцуп: 21:34 23.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. "Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус" алахәылацәа Москва имҩаԥысуаз арҵаратә зыҟаҵарақәа хдыркәшеит.
Урыстәылатәи атехнологиатә университет (РТУ МИРЕА) аҿы раԥхьатәи азанааҭтә зыҟаҵара апрограммала акурс мҩаԥысуан ҩымчыбжь — 96 ҵаратә сааҭ.
Рҵара иахысит аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара раԥхьатәи аҽазыҟаҵара, аџьа ахьчара, ааха зауз раԥхьатәи ацхыраара рыҭара, амцарцәаратәи аиқәырхаратәи усура апрограммақәа рыла.
Аԥышәеизырҳара ахыркәшамҭазы аԥышәарақәа рҭиит: амцакра, адгьылҵысра, амашьына ацҳа ианҭаҳауа ахырхарҭақәа рыла.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аиқәырхаҩцәа ҿарацәа Аԥснытәи ркорпус" ареспубликаҿы иаԥҵан аԥхынразы.
Ауснагӡатә хадақәа иреиуоуп аиқәырхаратә ус аганахь ала аҿар разыҟаҵара, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ахымҩаԥгашьа дырҵара, раԥхьатәи ацхыраара аҭара.