Аԥсны Апарламент иаку асоциалтә лагала алагаларазы азакәан апроект аднакылеит
12:28 24.11.2026 (ирҿыцуп: 15:16 24.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысуеит иахьа. Амшхәаԥштә аҿы иқәгылоуп 28 зҵаара
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Аԥсны Апарламент аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарала иаку асоциалтә лагала алагаларазы азакәан апроект аднакылеит.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рахь ихымԥадатәиу шәатәқәак иаку ашәатәы ахь реидкылара.
Алагалақәа афондқәа рыбжьара ишьақәыргылоу анормақәа рыла реихшара азԥхьагәаҭоуп.

Аԥарақәа атәанчахәытәи асоциалтәи еиқәыршәара, амедицинатә цхыраара, 1992–1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рыдгылара, адемографиатә политикеи арепатриациеи рахь инашьҭхоит.
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысуеит иахьа. Амшхәаԥштә аҿы иқәгылоуп 28 зҵаара: иаку асоциалтә лагала, ашәахтәқәҵара апатенттә система, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рыстатус иазкны, Апарламент адепутатцәа ралхразы аконституциатә закәан, ашьаустә закәанеидкыла, Ақалақьргыларатәи аргыларатәи закәанеидкыла, егьырҭ азҵаарақәа.