Аԥсны атуроператорцәа иҿырхыз аномерқәа рыхәԥсақәа реиҵатәра ԥыркыр рҭахуп
15:34 24.11.2026 (ирҿыцуп: 15:53 24.11.2026)

© Sputnik / Екатерина Лызлова
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Аԥсны атуроператорцәа иҿырхыз аномерқәа рыхәԥсақәа реиҵатәра ԥыркыр рҭахуп.
"Аквота ӷәӷәа" азы азакәан — апроект асасааирҭатә номерқәа атуроператорцәа раархәара аԥҟара ҿыцқәа аланагалоит. Хықәкыс иамоуп аилахәыра дуқәа ахәқәа ладмырҟәларц, уи алагьы асасааирҭа маҷқәеи асасааирҭатә ҩнқәеи ари аџьармыкьахкы иалрымгаларц. "Аквота ӷәӷәа" аан атуроператор заанаҵы асасааирҭа аҟынтәи аномерқәа ҿыхны рыхә ишәоит, анаҩс урҭ имҭиуазаргьы. "Ирԥсыҽу аквота" аан иҭииз аномерқәа рзы мацароуп аԥара зишәо.
Иҳаднагалозеи ариашарақәа рыпроект:
Асасааирҭа "аквота ӷәӷәа" иаҵанакуа аиқәшаҳаҭра анапы анаҵанаҩ ашьҭахь аусуратә мшқәа хԥа рыҩныҵҟа уи ишьақәырӷәӷәоу ахкьыԥхьаа Атуризм аминистррахь инанашьҭроуп. Ари аиқәшаҳаҭра цҵақәагьы ирызкуп.
Атуризм аминистрра ас еиԥш аиқәшаҳаҭрақәа реестр: аганқәа, аномерқәа рхыԥхьаӡара, ахә анарбоит. Хаз игоу аилаӡарақәа рҭагылазаашьақәа рыда азеиԥш дыррақәа ркьыԥхьлоит.
"Аквота ӷәӷәала" аномерқәа ҿызхыз атуроператор азин имам урҭ раахәара ахәԥса аасҭа 30% инареиҳаны рыхә ырмарианы рыҭира. Ари атуристцәеи егьырҭ атурагентцәеи аномерқәа раархәара иазкуп.
Аилагара рыԥшаар Атуризм аминистрра асасааирҭа азыԥхьанҵа анаҭоит. Асасааирҭа уалԥшьаны иадуп атуроператор ахә ириашарц идҵара. Атуроператор мап икыр, асасааирҭа аҭирақәа ааннакылоит, мамзаргьы аиқәшаҳаҭра аԥнахуеит.
Арҭ аԥҟарақәа "ирԥсыҽу аквота" иазкӡам.
Аиқәшаҳаҭра анамышьҭразы, имцу адыррақәа рзы, адҵа анамыгӡаразы апроект иазԥхьагәанаҭоит аҭакԥхықәра. Апроект аҿы иара убасгьы ицәырҵит аилкаара "асезон ҳарак": рашәарамза — цәыббрамза.

