https://sputnik-abkhazia.info/20261124/1067169703.html
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аиқәырхаратә операциа
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аиқәырхаратә операциа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи раԥхьатәи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Аԥсны, абҵара 24 рзы. Аиҿкааҩцәа — Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәыла... 24.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-24T15:51+0300
2026-11-24T15:51+0300
2026-11-24T16:29+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/18/1067148131_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_993984254b77363549f58cca770c77b2.jpg
Урҭ ирылахәын Аԥсны АҶА, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭавтоинспекциа, Аиҳабыратә еимадара амаҵзура, Аекономикеи, асоциалтә еиқәыршәареи, адемографиатә политикеи рминистррақәа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Аҳәаахьчаратә усбарҭа, апрокуратура.Sputnik Аԥсны — атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ринформациатә партниор.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/18/1067148131_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_69d103d2afdfd4dd825cb1ceffcdc281.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аиқәырхаратә операциа
15:51 24.11.2026 (ирҿыцуп: 16:29 24.11.2026) Аԥсни Урыстәылеи раԥхьатәи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Аԥсны, абҵара 24 рзы. Аиҿкааҩцәа — Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра арыцҳарақәа рмедицина Афедералтә центр.
Урҭ ирылахәын Аԥсны АҶА, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭавтоинспекциа, Аиҳабыратә еимадара амаҵзура, Аекономикеи, асоциалтә еиқәыршәареи, адемографиатә политикеи рминистррақәа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Аҳәаахьчаратә усбарҭа, апрокуратура.
Sputnik Аԥсны — атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ринформациатә партниор.

Аԥсни Урыстәылеи раԥхьатәи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит иахьа Аԥсны

Асценари инақәыршәаны, Аҟәа аҳаирбаӷәазаҿы мҽыӷрыла итәаз аҳаирплан иҭоуп 180-ҩык ауааԥсыра, "ааха" роуит 47-ҩык

Аусбарҭабжьаратә ҽазыҟаҵарақәа раан аҳаирплан "авариа-мҽыӷрылатә тәара" ахьыҟанаҵаз аҭыԥ ахь аԥхьа инеит АҶА амчрақәеи аҳаирбаӷәаза амедицинатә маҵзуреи

Урҭ аҭыԥ аҿы "ааха зауз" ацхыраара рзыҟарҵоит, анаҩс амедусзуҩцәа ирырҭоит

"Ааха зауз" Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инаргеит

Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа гәарҭон аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи аԥыза-министр Владимир Делбеи

Аҭыԥ аҿы апассаџьырцәа рықәреи ирымаз аахақәа рыҩаӡареи инарықәыршәаны амедусҳәарҭақәа рыла еихыршеит

Ааха зауны зҭагылазаашьа уадаҩу, аԥҵәарақәа змоу асакаса ианҵаны аҭыԥ аҟынтәи иахыргоит

Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа амаҵзурақәа зегьы ҭакԥхықәрала рус шынарыгӡаз азгәеиҭеит

Аҽазыҟаҵарақәа раантәи астатистцәа — 60-ҩык амедколлеџь астудентцәа, урҭ ахәцәа рроль "ихәмаруеит"

Аиқәырхаҩцәеи аҳақьымцәеи рыдагьы, ахархәара рыҭан апрофильтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, апсихологцәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭавтоинспекциеи русзуҩцәа, уҳәа убас егьрҭгьы

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аус рулоит жәаҩык аҳақьымцәеи абжьаратә медицинатә усзуҩцәа жәаҩыки

Аиқәырхаҩцәа ироуыз адырра зыԥшрак ҟамҵакәа иахаҵгылеит

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Алиас Аҩӡбагьы аевакуациа амҩаԥысшьа дахәаԥшуан

Ааха зауз ареспубликатә хәышәтәырҭақәа рахь инагахаанӡа раԥхьатәи ацхыраара рыҭара