Апарламент административтә зинеилагарзы акодекс актәи аԥхьарала аиҭакрақәа аланагалеит
16:41 24.11.2026 (ирҿыцуп: 17:34 24.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. "Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа рзы аӡбареиҿкаараз" азакәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала.
Ариашарақәа инарықәыршәаны, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра азинмчхарақәа арҭоит ашәахтә административтә зинеилагарақәа русхк аҟны ахала аусқәа рхацыркразы.
Аԥсны ахада Апарламент аҟны ихаҭарнак Дмитри Шамба иажәақәа рыла, уи иалнаршоит аусбарҭеи апрокуратура аусбарҭақәеи рзинмчхарақәа реиҟәыҭхара.
Иара ажәалагала ҟаиҵеит ариашарақәа макьана актәи аԥхьарала ирыдыркыларц, избанзар Иреиҳаӡоу аӡбарҭагьы ари Азакәанеидкылахь ахарҭәаарақәа азнархиоит.