Аԥсны иаку аҳәынҭқарратә ԥара-кредиттә политика ахырхарҭа хадақәа шьақәырӷәӷәоуп
16:38 24.11.2026 (ирҿыцуп: 17:35 24.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Апарламент 2027 шықәсазтәи Аԥсны иаку аҳәынҭқарратә ԥара-кредиттә политика ахырхарҭа хадақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент ӡырнагеит Аԥсны Абанк.
Акредиттә портфель 2027 шықәса анҵәамҭазы иазыԥшуп ихадоу асценари ала 9,6 млрд мааҭ, ашәарҭаратә сценари ала – 8,7 млрд мааҭ. Аԥаратә капан – 21,7 млрд, 19,8 млрд мааҭ (уажәы 18,7 млрд).
Аԥсны Абанк иазԥхьагәанаҭоит амилаҭтә ԥарашәаратә система ашьаҭала иаразнактәи ашәарақәа рсистемеи СБП аҿы QR-код ала ахәԥса ашәара агәаҭаратә усура раларгара, урыстәылатәи атуристцәа аԥарашәара ишашьцылоу еиԥш еиҳа ирзыманшәалахарц азы.
Аус адулараҿы иазԥхьагәаҭоуп АԤРА ахсаалагақәа рзы абанкқәа рмобилтә цҵақәа, АԤРА ахсаалагақәа рҟынтәи егьырҭ аԥарашәаратә системақәа рыхсаалагақәа рахь аиагарақәа рынагӡара.
Иааиуа ашықәс азы иара убасгьы ргәы иҭоуп аԥараҿырпқәа рсериа "Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәеи" 5 аԥсарк иҟоу абанкнотақәеи рҭыжьра.