Акциа "Аԥсны аӡиасқәа — амилаҭтә мазара" ареспублика ашколқәа рҿы имҩаԥгахоит
18:09 24.11.2026 (ирҿыцуп: 18:43 24.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Апатриот-екологиатә акциа "Аԥсны аӡиасқәа — амилаҭтә мазара" ареспублика ашколқәа рҿы имҩаԥгахоит.
Абҵара 24 инаркны ԥхынҷкәын 4 рҟынӡа ашколқәа рҿы иддырбоит аӡиасқәа ирызку адокументалтә фильмқәа. Ахәаԥшра ашьҭахь аҵаҩцәа аекологиатә шәарҭарақәа ирылацәажәоит, рраион "Аекологиатә закәанеидкыла" шьақәдыргылоит.
Апрограмма раионцыԥхьаӡа аԥсабаратә ҷыдарақәа ҳасаб рзуны ишьақәыргылахоит.
Гагра иддырбоит Ҳаԥырҩаш изку афильм, Пицундеи Бзыԥҭеи рҿы — Бзыԥҭа, Гәдоуҭа араион аҿы — Мҷышьҭеи Хыԥстеи. Афон ҿыц — Ԥсырӡха иазку, Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы — Гәымсҭа, Гәылрыԥшь араион аҿы — Кьалашәыри Кәыдри, Очамчыратәи араион — Кәыдры, Тҟәарчал — Аалӡга.
Акциа Аԥсны Аконституциа Амш иазкуп. Уи мҩаԥгахоит агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥеиԥш 21"-и, ателееилахәыра "Абаза-ТВ"-и раԥшьгарала, Аԥсны аҵара аминистрреи, иара убас ақалақьтәи араионтәи аҵарадырра аҟәшақәеи рыцхыраарала.
"Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 11 инақәыршәаны адгьыл, уи иҵоу, аӡытә, егьырҭ аԥсабаратә ресурсқәа ажәлар ирмалуп, аҳәынҭқарра иахьчоит. Ҳара ҳапроект азырхоуп адокументалтә цикл "Аԥсны аӡиасқәа" ала арҭ апринципқәа еиҵагыло абиԥара рҟынӡа анагара, ашколхәыҷқәа рыԥсадгьыл аԥсабаратә беиара аиқәырхаразы аҭакԥхықәра ацәанырра рышьақәыргылара", — ҳәа азгәеиҭеит аиҿкаара "Аԥеиԥш 21" ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.