РУСДРАМ Нарҭаа репос иазку ԥхьаҟатәи аспектакль аескиз иалнахит.
19:48 24.11.2026 (ирҿыцуп: 20:06 24.11.2026)
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ Нарҭаа репос иазку ԥхьаҟатәи аспектакль аескиз иалнахит.
Ахәаԥшцәа рыбжьыҭиреи апрофессионалтә еилацәажәара аихшьалақәеи ҳасаб рзуны, атеатр Иури Печенежски аус ицура иацнаҵоит.
Арежиссиортә лабораториа "Сандро" хыркәшан абҵара 20 рзы, усҟан ахәаԥшцәа иддырбеит урыстәылатәи арежиссиорцәа мышқәак аус здырулоз аескизқәа хԥа.
Ахәаԥшцәа рыбжьыҭара аихшьаалақәа рыла Анна Трушина лықәыргыламҭа "Амра еиԥш илашо, амза еиԥш икаҷҷо" 58 бжьы аиуит, Иури Печенежски "Гәында ссир" — 54 бжьы, Дмитри Богданов "Нарҭаа ран илызку ашәа. Уахсиҭ Сиҭ иԥа" — 32 бжьы.
Арежиссиортә лабораториа мҩаԥган Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа Реидгыла ацхыраарала, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра алархәны.