Кәарҷиа: Аконституциатә нормақәа практикала рхархәара хымԥадатәиуп
12:36 25.11.2026 (ирҿыцуп: 14:48 25.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 25 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә институтқәа реиӷьтәреи аконституциатә нормақәа практикала рхархәара алыршареи хымԥадатәиуп ҳәа азиԥхьаӡоит Аԥсны Жәлар Реизара Актәи ааԥхьара адепутат Валери Кәарҷиа.
Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аконституциа адкылара 32 шықәса ахыҵра иазкыз астол гьежь аҟны.
"Аконституциа — ари аҳәынҭқарра ашьақәгылашьеи, атәылауаа рзинқәеи руалԥшьақәеи, амчра амахәҭақәа русура апринципқәеи ҳәаақәызҵо закәан хадоуп", — иҳәеит Кәарҷиа.

Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә институтқәа русура анализ азутәуп, атәылауаа рзинқәа рыхьчара хра аманы ишыҟоу ахәшьара аҭалатәуп.
"Амчра аинститутқәа аус шыруа, ауаа рзинқәа шырыхьчо хшыҩзышьҭрала анализ рзутәуп, Азакәан хада анормақәа дарбанзаалак атәылауаҩ иԥсҭазаараҿы реалла аус руларц аус адаҳулалароуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.