Лаша Ашәба Аконституциа адкылара аҵакы азгәаиҭеит
12:30 25.11.2026 (ирҿыцуп: 14:51 25.11.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аконституциа Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жәларзегьтәи бжьыҭирала иақәшаҳаҭхеит жьҭаара 3, 1999 шықәсазы. Абҵара 26 ареспубликаҿы Аконституциа Иамшны иазгәарҭоит.
АҞӘА, абҵара 25 — Sputnik. Аконституциа адкылара иааирахеит аибашьра адәаҿы акәымкәа, аполитика-зинтә дәы аҿы ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба.
Аконституциа Амш аҳаҭыр азы имҩаԥысуа астол гьежь аҿы иара иазгәеиҭеит, аполитикатә қәыӷәӷәареи имариамыз асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи раан, ихадоу ароль шынанагӡаз Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Жәлар Реизара "ахьтәы" ааԥхьара адепутатцәеи ргәымшәареи иаадырԥшуаз агәрагареи.

"Шәыгәҭакы заҟа ахара иԥшуаз аамҭа ахаҭа ишьақәнарӷәӷәеит. 1999 шықәсазы жәларзегьтәи ареферендум аҟны изқәшаҳаҭхаз Ҳконституциа аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт шьаҭас иаманы, Аԥсны иазинтә паспортны, 2008 шықәса рзы ҳтәыла иаиуз жәларбжьаратәи азхаҵара уасхырс иазыҟалеит", — ҳәа ациҵеит Ашәба.
Иара иажәақәа рыла, иахьа Аконституциа — аполитикатә ԥсҭазаара азинтә хырхарҭала амҩақәҵара, аҭагылазаашьа уадаҩқәа ралҵшьа амҩа аԥшаара, аграждантә еиқәшаҳаҭра аиқәырхара алзыршо аҳәынҭқарра аҭышәынтәалара шьаҭаны иамоуп.