Аԥсны Узбекистан имҩаԥысуа Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль усутә ныҟәарала иаҭаауеит.
Аԥсны Узбекистан имҩаԥысуа Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль усутә ныҟәарала иаҭаауеит.
Ареспублика аҟынтәи абизнесуаҩ Денис Саманба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, аусмҩаԥгатә аҿартә наплакреи, аинновациақәеи, ацифратә економикеи, абизнес адгылареи русхк аҟны Урыстәылеи Узбекистани рыбжьара аусеицура аҿиара иазырхоуп.
"Аԥсны азы асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара, зегь раԥхьаӡа иргыланы, аусутә еимадарақәа рырҭбаареи, анаплакратә ҭагылазаашьа аҿиара аҿы ақәҿиара змоу апрактикақәа реилкаареи, абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыдгыларазы амыругақәа рыҭҵаареи рзы лшароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Саманба.
Апрограмма иалахәуп Урыстәыла афедералтә мчратә усбарҭақәа, аҿиара аинститутқәа, урыстәылатәи аилахәыра дуқәа, анаплакратә еилазаара рхаҭарнакцәа, иара убас аиҩызаратә тәылақәа рхаҭарнакцәа, Аахыҵ Уаԥстәылагьы уахь иналаҵаны. Абизнесуаҩ иалахәхараҿы адгылара инаҭеит Аԥсны иҟоу ААРА ахаҭарнакра.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны атехнологиатә паркқәа, аинвестициатә институтқәа, Узбекистан аҵаратәи аҿартәи еиҿкаарақәа рганахьала аспециалистцәа рԥыларақәа мҩаԥысуеит.
Саманба иажәақәа рыла, ҷыдала аинтерес рыҵоуп астартапқәа рфинанстәра амеханизмқәа, IT-екосистема аҿиара, анаплакыҩцәа ҿарацәа аџьармыкьа ҿыцқәа рахь рцәырҵразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
Анаплакҩы иазиԥхьаӡоит, имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиара аҵак ҷыда ахьамоу ареспубликаҿы асеиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аҵакырақәа апартниорцәа рыԥшаареи, аекономикатә ҿиара амодель ҿыцқәа рыҭҵаареи рзы алшара цҵақәа аадыртуеит ҳәа.