00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Атәым шҭа аҵкыс − хатәы жәцәаҭыԥ": ашҭа азырбо ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи

© Sputnik / Ахьыуардын"Атәым шҭа аҵкыс − хатәы жәцәаҭыԥ": ашҭа азырбо ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи
Атәым шҭа аҵкыс − хатәы жәцәаҭыԥ: ашҭа азырбо ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2026
Анапаҵаҩра
Иҭбааҭыцәу, шьац иаҵәала ихҟьоу ашҭа ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи рыҟны ишаарԥшу шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.
Ауаҩы инхарҭа ҭыԥ иаҿыкәыршоуп ашҭа. Иҭбааҭыцәу, шьац иаҵәала ихҟьоу аԥшәма иашҭа уҭамлакәа иҩныҟа узымҩахыҵуам.
Аԥсуа инхараҿы ашҭа лымкаала иазыҟоуп, жәаԥҟала ихырҷаны "Анхаҩы инхашьа иашҭа ианыԥшуеит" рҳәоит. Анеи-ааи згым аԥсуа иашҭа нап адкыламкәа изыҟалахуам. Ашҭаҿы "абыбыц каршәны иумбо" ацқьара иахылаԥшуа хадаратәла аҳәсеи аҭыԥҳацәеи роуп.
Аԥсуара ашьҭақәа ҳархылозар, еилаҳкаауеит аԥсуа игәара ҭбаазароуп — уи раԥхьа иргыланы аԥшәма игәыҭбаара иадыргоуп, нас ацәгьеи абзиеи рырҽеира дшазхәыцуагьы унарбоит. Анкьа анхаҩы иашҭаҿы аҽхырԥарҭа ҟаҵаны иман — асасцәа анизааилак рыҽқәа ахьҿеиҳәауаз аҭыԥ азылхын.
Сусана Тания - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа аԥсышәала анацәкьарақәа рыхьӡқәа ирызкны
Асас уашҭа дааҭалар, уиԥыланы "Бзиала уаабеит!" ҳәа аԥсшәа иоуҳәоит, аҩныҟа даауԥхьоит. Анкьа ауаҩы чара усла дуҭаазар, ма дшәаџьҳәаҩызар, мамзаргьы дыцҳаражәҳәаҩызар ихымҩаԥгашьала дудыруан. Жәаҳәарада, дшәаџьҳәаҩызар —дҽыжәҵӡом, нас аԥшәмагьы "Иҟалеи?" ҳәа дҵаауан.
Аха дҽыжәҵны, ус егьымҳәакәа дицны аҩныҟа даннеи, узусҭада, ма уззаазеи ҳәа аԥшәма аԥхьа дизҵаар аԥсуаҵас иԥхашьароуп. Асас ихала иҳәароуп иаара хықәкыс иамоу.
Аԥсшәеибыҳәарахьтә
Асас ианиԥыло ма ашҭа данааҭала иарҳәоит: "Бзиала уаабеит!"
Игәашә аԥхьа ма аҩны иахьацәыхарамыз асас диқәшәар, аԥшәма ус иҳәоит: "Умҩахыҵ, ҳаԥшәымаз!"
Асас дыццакуазар, ус аҭак ҟаиҵоит: "Убеиахааит, сыццакуеит!"
Аиԥырҵраан, асас идәықәламҭаз иҳәар илшоит: "Абзиараз!", "Абзиараз шәыҩны ҳааилааит!", "Абзиараз шәашҭа ҳҭалалааит!"
Иуҭаз асасцәа ашҭа иҭыҵны ма аҩны идәылҵны ианцо ирҳәоит: "Бзиала уаҩ дааилааит, шәҭазаара бзиахааит!"
Ажәаԥҟақәа рахьтә
"Зашҭа уҭоу иашәа ҳәа"; "Зышҭа уҭоу ихылԥа ухаҵа" (иашьашәалоуп "Зашхәа уҭоу иашәа ҳәа"). Зтәылаҿы уҟоу, знапаҵаҟа уҟоу иҵас-иқьабз ныҟәугароуп, ҳаҭыр иқәуҵароуп.
Абзиа ашҭа изҭыҵуам, ацәгьа ақыҭа изалсуам. Ауаҩы абзиара изуузар, уихаҵгылазар, уи азы ҽыԥныҳәа иумҭан. Иагьа убжьы мырга ацәгьа ҟауҵазаргь, мышкы зны ауаа ирыламҵәар ауӡом.
Нап зыгхаз ашҭа аҳаскьын иагоит. Ауаҩы дахьаху аҩнра анапы адкылоуп, уаҩ дахьыҟам еилкаау узуп анхара аҳаскьын шахыҵәо.
Атәым шҭа аҵкыс — хатәы жәцәаҭыԥ. Атәым дгьыл, атәым жәҩан иага иҭбаазаргьы, ибзиазаргьы, илашазаргьы, ухатәы дгьыл, уԥсадгьыл шыҟазаалакгьы уара узы еиҳа еиӷьуп.
Ашҭеи аԥхыӡқәеи
Ашҭа аӡыхь адбалара — аҭаацәа зқәымгәыӷуа насыԥк рызшоит.
Ашҭа арԥшӡараз ахаҳә сса аихырӷӷара — ус хьанҭак азы аихырӷӷара.
Акәац аӡа ашҭа иҭоугалоны ԥхыӡ иубар, агәаҟра иазҳәоуп.
Уашҭаҿ агәашә ԥҽны уеиԥхыӡыр — узырԥхашьаша акы уақәшәоит.
Жәлар рдоуҳа: Таниаԥҳа асаби еизҳашьа иадҳәалоу згәаҭарақәак ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2021
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа асаби иеизҳашьа иадҳәалоу згәаҭарақәак ирызкны
Ажәабжьқәа зегьы
0