Аҟәа имҩаԥысуаз аиԥхныҩлара 200-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра алахәын.

Аҟәа имҩаԥысуаз аиԥхныҩлара 200-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра алахәын.
"Аԥсны Ҿа" еиҿнакааз "Ашьаҭа" — изҩыдоу аԥсҭазаара аларҵәара иазырхоуп, уи еиднакылеит еиуеиԥшым ақәратә категориақәеи ареспублика араионқәеи рҟынтәи алахәылацәа.
Аусмҩаԥгатә асасцәа дахьцәа аҭааит — Шәачатәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа.
Ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Наала Бессонова. 12-18 шықәса зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара аиааира игеит Емир Габуниа. 12-18 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳацәа рыбжьара ахьы лгеит Маргарита Лахина.
Аҳәса реиԥхныҩлараҿы аиааира лгеит Иулиа Скорелко. Ахацәа рыбжьара — Тигран Мнацаканиан.
Аиҿкааҩцәа — Ареспубликатә аҿартә ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны Ҿеи" Аҟәа ақалақь ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭеи. Акциа адгылара арҭеит — Аҿартә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус", Арра-спорттә зыҟаҵареи апатриоттә ааӡареи рцентр "АБАЗГ.

