Санкт-Петербург аԥснытәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аднакылоит 2027 шықәсазы Жәларбжьаратәи аҵаратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.

Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит аԥснытәи аделегациеи аҵареи аҵаралашареи рызҵаарақәа хылаԥшра рызҭо ақалақь агубернатор ихаҭыԥуаҩ Ирина Потехинеи реиԥылараан.
"Петербург имҩаԥысуеит акырӡа зҵазкуа афорумқәа жәпакы, урҭ ируакуп Жәларбжьаратәи аекономикатә форум, уи атәы зегьы ибзианы ирдыруеит, уи адагьы Петербург имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи арҵаратә форум, иара мҩаԥгахоит 2027 шықәса лаҵарамзазы. Уахь ааԥхьара рырҭарц ргәы иҭоуп 50-ҩык рҟынӡа аԥснынтәи ашколхәыҷқәа, иара убас еиуеиԥшым ашколқәа рҟынтәи 20-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа", — азгәеиҭеит Ҭыжәба.
Иара иажәақәа рыла, аҵаҩцәа рзы акультура-рккаратә программа мҩаԥыргоит, арҵаҩцәа апленартә еилатәареи аиҿцәажәарақәеи ирылахәхар рылшоит.
Абҵара 18 рзы Санкт-Петербург имҩаԥысит аԥснытәи аделегациеи, ақалақь агубернатор ихаҭыԥуааи еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи реиԥылара, уи аан иалацәажәан аусеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәа.