Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра рыҭараан азнеишьа ҿыц алагалоуп
11:54 27.11.2026 (ирҿыцуп: 14:48 27.11.2026)

© Sputnik / Табылды Кадырбеков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра рыҭараан азнеишьа ҿыц алагалоуп, абри атәы и-Telegram-канал аҿы еиҭеиҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа гәаларшәагас афотосахьақәа рырҭоит, аконсултә ҟәшаҿы атәылауаҩшәҟәқәа рырҭоит Урыстәыла агерби адыргеи "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" зну ацәа ҷыдақәа ирҭаҵаны.
"Ари атәылауаа ҿыцқәа пату рықәҵара иадыргоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — иҩуеит Гладков.
Уаанӡа ацҳаражәҳәарҭаҿы ирыӡбеит аҭоубашьҭаҵара аформат рыԥсахырц. Гладков иажәақәа рыла, ус иалагалан дарбанызаалак ауаҩы ари амш игәалашәараҿы иаанхарц азы.