Гәдоуҭа араион арратә хәҭеи арратә комиссариати рҿы аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит
15:02 27.11.2026 (ирҿыцуп: 15:14 27.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион арратә хәҭеи арратә комиссариати рҿы аремонттә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аҳәынҭқарра ахада инапынҵала араҟа аррамаҵзурауаа рҭахрақәа ҳасаб рзуны ауадақәа еиҭашьақәдыргылоит.
Уи адагьы, аиара-ҭыԥқәа ахьыҟоу, арҵаратә, асанитар-бзазаратә уадақәеи, аҽыкәабарҭақәеи хыбрак аҿы еицыҟаҵоуп.
"Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рзы иаҳуалуп аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵара. Урҭ иԥханы, иманшәалоу абзазаратә ҭагылазаашьақәа рыманы аррамаҵзура иахыслароуп, аҽазыҟаҵарақәеи аԥсшьареи рзы иаҭаху зегьы рымазароуп. Зегьы ирыцкугьы — рмаҵзура анхыркәшахалак ашьҭахь ргәабзиара ԥырхага амамкәа рыҩныҟа ихынҳәлароуп", — азгәеиҭеит иара.
Атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсақәа ирылагӡаны абас мҽхакыҭбаала арҿыцра ахьымҩаԥысуа аҩбатәи арратә хәҭоуп.
Аҳәынҭқарра ахада Атәылахьчара аминистрра анапынҵа аиҭеит аусурақәа рхаҭабзиареи рыҿҳәареи ахылаԥшра ӷәӷәа арҭарц. Арҽеиратә усурақәа рыхәҭа хада ахыркәшара азгәаҭоуп жәабранмзазы.
Иара убас, Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион арратә комиссариат даҭааит. Араҟа амаҵзуратә уадақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшара аҟынӡа инагоуп.