Аполитикатә партиа "Аԥсны Жәлар рфронт" ахьӡ ԥсахуп "Аԥсны Ҿыц" ҳәа
17:17 27.11.2026 (ирҿыцуп: 18:31 27.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Аполитикатә партиа "Аԥсны Жәлар рфронт" ахьӡ ԥсахуп "Аԥсны Ҿыц" ҳәа.
Аӡбамҭа рыдыркылеит Очамчыра имҩаԥысуаз апартиа изаамҭанытәим аизара ду аҟны.
Аизара ду иалахәыз апартиа ахантәаҩыс деиҭалырхит — Лаша Сақаниа. Актәи ихаҭыԥуаҩ — Аԥсны Афырхаҵа Славик Қәычбериа, амаӡаныҟәгаҩ — Иракли Ҭыжәба, абри атәы аанацҳауеит апартиа апресс-маҵзура.
Иара убас, Лаша Сақаниеи, Аҳәынҭқарратә Дума анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Владислав Даванкови Очамчыра араион ахада Алхас Кациеи еиԥылеит. Урҭ Аԥсни Урыстәылеи реинырра, Очамчыра араион аҿы еицырзеиԥшу апроектқәеи асоциалтә аԥшьгарақәеи рынагӡара иалацәажәеит.
Аделегациа ахаҭарнакцәеи урыстәылантәи асасцәеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.