Ақыҭақәа рыҿиара аҳәынҭпрограмма алахәылацәа ацитрус аиҭаҳатәқәа рзыршеит
19:00 27.11.2026 (ирҿыцуп: 20:23 27.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. 2026 шықәсазтәи ақыҭақәа рыҿиара аҳәынҭпрограмма алахәылацәа ацитрус аиҭаҳатәқәа 10 нызқь шьапы рзыршеит.
Аиҭаҳатә рзыршеит Гәылрыԥшь араион аҿы. Ауааԥсыра ирырҭеит заа иҟало зоура кьаҿу амандарина ҵла хкы, абри атәы иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Хагәышь.
Ақыҭанхамҩа аминистрра аусзуҩцәа аҵлақәа реиҭаҳареи рхылаԥшреи рзы алахәылацәа абжьгарақәа рырҭеит.

Хагәышь иҳәеит аҵиааӡара ахырхарҭала 262 проект ишақәшаҳаҭхаз. Иааиуа амчыбжь азы ашәырқәа реиҭаҳатәқәа рыҭара иалагоит.
Зынӡа 2026 шықәсазы иазгәаҭоуп Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо 90 нызқь инареиҳаны ацитрустә шәырқәеи 45 нызқь инареиҳаны ашәыр еиҭаҳатәқәеи ршара.
Ауснагӡатәқәа анхыркәшахалак ашьҭахь апрограмма анагӡашьа иахылаҧшуа акомиссиа алахәылацәа аҵлақәа шеиҭаҳау гәарҭоит.